Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аҿҳәара изацҵахаз еилкаахеит
11:51 05.06.2026 (ирҿыцуп: 13:04 05.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аҿҳәара еиҭакын иҵәахыз акоммуникациақәеи аконструкциақәеи рганахь ала апроблема дуқәа анаарԥшха ашьҭахь ҳәа азгәеиҭеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
Аханатә аусурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭан акурорттә аамҭахәҭа алагамҭазы, аха аусурақәа иахьрыцлази амшцәгьақәеи мрыхҟьаны аргылара аихшанҵа ариашарақәа аларгалеит ҳәа иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, аусурақәа раан еилкаахеит анџьныртә ҳақәа рҭагылазаашьа шҽеим. Уи адагьы арҽеирақәа аҭаххеит ацәқәырԥанкылага ҭӡы, уи аамҭакала абаркьыли атәарҭеи аԥсахуеит.
"Ажәытә баркьыл ҿыц агранит ала иԥсахуп. Аԥшаҳәамҩа агранит шьҭарҵоит. Агранит аиҿартәразы абетонтә хҟьа ҟарҵахьеит", — ҳәа иҳәеит Ҭарба.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аиҳабыра аусурақәа рхаҭабзиара ихадоу акәны ишырыԥхьаӡо, иҳәеит иҟалаз аиҵахара иабзоураны аԥшаҳәа анҵыра шаиуо, уи анаҩстәи амаҵзуразы ахарџьқәа шармаҷуа.