Урыстәыла амш азгәаҭара иазкны адкылара мҩаԥган Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы
18:03 12.06.2026 (ирҿыцуп: 21:40 12.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Урыстәыла амш – есышықәса рашәара 12 рзы иазгәарҭоит РСФСР аҳәынҭқарратә суверенитет Адекларациа анрыдыркылаз амш аҽны.
АҞӘА, рашәара 12 — Sputnik. Урыстәыла амш азгәаҭара иазку аофициалтә дкылара мҩаԥысуеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭаҿы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнаԥхгаҩцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа.
"Аԥсни Урыстәылеи агәылеимабзиара мацара акәымкәа, аицхыраареи еицырзеиԥшу аҭоурыхи рыла ишьаҭарку астратегиатә еидгылара еиднаҳәалоит. Аԥсны жәлар рзы Урыстәыла зыгәра угартә иҟоу ҩызас иҟан, ус иахьаанхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба иқәгылараҿы.
Иҳәеит, ареспублика астратегиатә партниор иҟанаҵо адгылара гәык-ԥсык ала ахә ҳаракны ишашьо, милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ауааԥсыра аҭынчреи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымреи, асуверенитети, ашәарҭадареи шьақәыӷәӷәала ишадгыло.
"Агәра згоит, нанҳәамза 26 2008 шықәсазы ишьаҭаркыз Урыстәылеи Аԥсни аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо, ишыҿио", — ҳәа азгәеиҭеит адипломат.
Акыр зҵазкыз арыцхә аахыс имҩасхьоу ашықәсқәа ирылагӡаны атәылақәа ишьақәдырӷәӷәеит аҩ-ганк рзы ихәарҭоу аизыҟазаашьақәа Кавказнҭыҵтәи арегион аҿы иҿиаз агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа рышьаҭа шарӷәӷәо. "
Ари аныҳәа аҽны ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп 2014 шықәса инаркны аурыс жәлар рыгәҭаны, Мраҭашәарантә адгылара змоу Украинатәи анацистцәа гәымшәарыла ирҿагылоу аԥсуа хатәгәаԥхарауаа", — ҳәа азгәеиҭеит Шургалин.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла аҿагылаҩцәа зымҽхак ҭбаау аибашьра мҩаԥыргоит, агибридтә еибашьрагьы уахь иналаҵаны, атәыла стратегиала ааха аҭаразы.
"Шәара ҳареи ҳаицхырааны, ДЖәР, ЛЖәР, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рҿы арратә операциа ҷыдаҿ аиааира агаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит", — иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.