00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Дополнительное время
14:46
14 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атеатр бзиа избо рзы: Урыстәыла Атеатр маҷ агастрольқәа рызхәыцра

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2026
Анапаҵаҩра
Сара сҿара аамҭазы акинотеатрқәа рҿы ицәырҵит асовет кинемотографиа иахаҿырбагоу, ишьахәу Татиана Лиознова иҭылхыз "Карнавал". Ақәыԥшра иацуп аромантика, уи афильм ҳара ҳабиԥара зыршанхоз, аестетикатә гәаҳәара рызҭоз рҿиамҭан. Иахьагьы сгәы иаангоит уи хшыҩзышьҭра азҭоу ыҟоуп ҳәа, асовет аамҭа ииасны ицахьазаргьы. Урыстәыла Жәлар рартист Ирина Муравиова уаҟа иналыгӡоз апровинциал ҭыԥҳа Нина Соломатина лроли, "аҭел усзас" ҳәа иҳаҳауаз ашәеи хашҭшьа рықәым.
Усҟан ҳзыргәаҭеиуаз аҭоурых назыгӡоз актриса, сгәы иаанагомызт акыр шықәса рнаҩсан дааиагәаӡаны дызбап, азҵаара лыҭаразгьы алшара соуп ҳәа. Аха, угәуҽанӡамкәа агәҭакқәа анынагӡахо ҟалалоит. Аԥсны арҭ амшқәа рзы агострольқәа мҩаԥнагоит 270-тәи асезон ирҭысуа Урыстәыла Атеатр маҷ. 50-ҩык инарзынаԥшуа уи атеатр ҵәатәышьаҟас иамоу арҿиаҩцәеи аусуҩцәеи РУСДРАМ ахыбраҿы аԥсуа хәаԥшҩцәа рзы актәи ахәылԥаз азы ицәырнагеит аурыс классик Н. Гоголь иҩымҭа "Аԥҳәысҳәара" (Женитьба). Зынӡа дара иааргеит Гоголь иҩымҭ́ақәа ирылху аспектакльқәа ҩба. Аҩбатәи "Ахәмарҩы" ауп. Ари атруппа далоуп еснагь зырҿиара сеилаҳауаз Ирина Муравиова. Уи лбара разҟны изласыԥхьаӡоз ала, атеатр ахь сымҩахыҵит дара имҩаԥыргоз апресс-конференциа сҽаласырхәырц. Ажурналистцәа рҿаԥхьа ицәырҵит атеатр арежиссиор хада, Уыстәыла аҟазара зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски , иара убас Урыстәыла Жәлар ратистцәа Валери Афанасиев, Ирина Муравиова, Лиудмила Полиакова.
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2026
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии
Иазгәасҭарц сҭахуп дара ишырнумбаалоз ауаҩдура, урҭ еихьымӡа, еиԥымӡа ирҳәон Аԥсны аԥшӡареи ауаа ргәыҭбаареи рыбла шыхнакыз.
Исымаз алшара схы иархәаны Муравиова слазҵааит - шәара Москва шәиит, нас иабашьҭышәкааи ишәыхәмаруа арольқәа ирнубаало агәыҭбаареи агәрагареи зцу аурыс провинциалтә цәаҩақәа? Аҭак исылҭаз саршанхеит. "Сара сҭаацәа санырааӡоз алеишәа џьбара аадырԥшуан, азин сырҭаӡомызт –сара, сара, сара аҳәара", - лҳәеит лара. Абри иаҵаҵәахуп аурыс интеллигент ифилософиа.
Аконференциа анаҩсан, хәылԥазы иазгәаҭан Иури Соломин иқәиргылахьаз аспектакль "Аԥҳәысҳәара". Муравиова длафуа илҳәеит "аспектакль ахь шәааи, аха абилеҭқәа ыҟаӡам" хәа. РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба абилеҭқәа еимыҵәҵәа иахьыргаз азы абас иҳәеит: "Уи иаҳәоит аурыс культура Аԥсны ишазҿлымҳау". Аурыс драматә театр кәапеишәа иҭәын аиашазы.
Урыстәыла Атеатр маҷ саҭаахьан иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы, А. Чехов "Аца баҳча" иалхыс аспектакль збахьан. Усҟан ишьҭыхны ирымаз астиль иахьа уажәраанӡа еиқәырханы ишныҟәырго уажәы "Аԥҳәысҳәара" санахәаԥш избеит. Ҳазхәаԥшыз аспектакль набыцрак аламкәа ихырку аурыс классика атрадициатә культура знубаало қәыргыламҭоуп. Ирина Муравиова лцәажәарақәа рҿы лажәа иалан "актиорцәа еснагь ирҭахуп ахәаԥшцәа иргәаԥхарц, ҳаргьы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ҳашәгәаԥхарц" ҳәа. Аспектакль аҿы еиуеишым арольқәа рҿы ицәырҵуан атеатр акорифеицәа реиԥш, иахьатәи абиԥара иаҵанакуагьы. Аха, инеибеиԥшны аклассикатә театртә стиль акәын иныҟәыргоз.
Аспектакль иалагеит, ақьаӷьариа Фиокла Иван-иԥҳа лроль аҿы Муравиова данаацәырҵ азал аҿы ихәыҵҟьеит еиқәтәара змамыз анапеинҟьабжьқәа. Ахәаԥшцәа еиҳарак акино аҟынтәи дыздыруа, рыбзиабара лзырханы илԥылеит актриса. Аспектакль иаҳнарбеит атеатр актиорцәа бзиаӡақәа рыла ишеибыҭоу, избанзар Гоголь икомедиаҿы иаҳԥыло афырхацәа зегь иҷыдоу аҟазшьақәа рымоуп. Иҷыдоу аҟазшьақәа раарԥшразы, иаҭахуп иҷыдоу атипажқәа. Аӡә дубар, аӡә духашҭуа аԥҳәысҳәара иадҳәалоу аҭоурых аадырԥшуан актиорцәа. Муравиова иналышьҭарххны даацәырҵит аиаҳәшьаду Арина Пантелеимон-иԥҳа лхаҿсахьа назыгӡоз Лиудмила Полиакова. Лара аконференциаҿы данцәажәоз лхы дахлафаауа алаф аацәырылгеит "сықәра уажәшьҭа ԥшьынҩажәижәаба шықәса рахь амҩа хоуп, аха Аԥснытәи аҳауа зҩыда анысҿас сыӡӷабхазшәа сааҟалеит" ҳәа.
Предпремьерный показ спектакля “Мышеловка” в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2025
Аԥсны
Адетектив ҵар аҭоурых: РУСДРАМ иқәнаргылеит "Аҳәынаԥкыга"
Ииашаҵәҟьаны уи актриса лцәырҵрагьы ҳаҭырла, напеинҟьарала ирыдырклеит РУСДРАМ иаҭааз зегьы. Аспектакль ақәҿиара аиурц азы, даараӡа ихадоуп арольқәа ииашаны реихшара. Атеатр маҷ аспектакль ақәҿиарагьы убри акәу џьысшьоит. Дыҟаӡамызт актиорк иара датәымкәа иаланагалаз. Хаҵа ацара иазгәышьуаз аҭуџьар ихылҵшьҭра Агафиа Тихон-иԥҳа лхаҿсахьа цәырызгоз Мариа Дунаевскаиа уи ароль лара лзы ишазшәа иҟан. Актриса акгьы мҳәаӡакәа ҭыч дантәазгьы, Гоголь икомедиа анаԥиҵоз аамҭазы иҟаз аҭыԥҳацәа дреиԥшнушьалон, ҳәарада иахьатәи аамҭа ашәыгақәа рылагьы лроль шҩычазгьы. Асцена архиашьа атәы ҳҳәозар, абырҵкал икылхны иаадырԥшуа аамҭа иатәу аҩнырхиашьа иашьашәалан. Адекорациақәа ҩынтә рҽеиҭракуан, зны аԥҳәысҳәара иахьалацәажәоз Агафиа лыҩны, даҽазных аԥыҳәысаагара иазыркуаз Подколиосин (Дмитри Сафонов) инхарҭа аазырԥшуа аҭыԥ. Даара илахҿыхын Агафиа дызҳәарц иаауаз ахацәа рҭеиҭԥши, рныҟәашәеи. Урҭ ррольқәа рҿы ицәырҵит ақәра змаз, аха зҟазара мцагәыц афырхацәа – Урыстәыла Жәлар рартистрра зҽаԥсазтәхьо Валери Афанасиев, Александр Ермаков, Владимир Дубровски.
© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2026
Спектакль Женитьба. Гастроли Малого театра России в Абхазии
Уажәшьҭа 200 шықәса рахь инеиуа Гоголь икомедиа иахьагьы аҵак ду шамоу убоит Атеатр маҷ иҳаднагалаз аклассика ахә ҳшьозар. Ииашоуп иахьатәи аԥҳәысаагареи ахаҵацареи рсценари аҽеиҭанакызаргьы, "иманшәаланы" аразҟы ачаԥара, амал ааигәара анеира уҳәа анкьа ишыҟац иаанхеит. Даараӡа угәаҿы инхоз арольқәа нарыгӡеит Подколесин (Д. Сафонов), иара убас уи иҩыза, аԥҳәыс дизиҳәарц акыр зҽызҟьаз артист Игнати Кузнецов (Кочкариов).
Иара убас, акыр агәахәа сызҭаз иреиуоуп, асцена аҟынтәи исаҳауаз аурыс классик Гоголь ибызшәа. Иубоит Атеатр маҷ аҿы уи абырҵкал икылхны изызнеиуа зҵаараны ишыҟоу.
Акомедиа қәҿиарала имҩасит, акыраамҭа асцена аҟынтә иоурыжьуамызт артистцәа. Сгәы иаанагоит Атеатр маҷ артистцәа игәарҭеит ҳәа ҳтәылаҿы атеатртә ҟазара иазҿлымҳау, ахә зшьо ахәаԥшцәа шыҟоу. Акыраамҭа снанагап сгәахәуеит "Аԥҳәысҳәара" иснаҭаз агәахәара, насгьы акыр сзызҿлымҳаз актриса Муравиова лцәырҵра ацклаԥшра ахьысқәашьхаз… Ҳара ҳалшарақәа маҷуп анҭыҵ ицаны акультуратә ныҟәарақәа рымҩаԥгаразы, убри аҟынтә, Атеатр маҷ арахь аара ҭагылазаашьа бзиаӡоуп атеатр иаҿыгәҳәаанны бзиа избо рзы…
Автори аредакциеи ргәаанагәарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0