Баҭал Џьапуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп
11:46 17.06.2026 (ирҿыцуп: 12:49 17.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Баҭал Џьапуа — Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи Леон иордени ианашьоуп.
АҞӘА, рашәара 17 — Sputnik. Асахьаҭыхҩы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Баҭал Џьапуа амилаҭтә культура аҿиараҿы илагала ҷыда азы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳаҭыртә шәҟәы ианашьоуп.
Аилатәараҿы ақәҵара даԥхьеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
"Баҭал Рушьни-иԥа Џьапуа ианашьоуп амилаҭтә культура аҿиареи, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха аӡыргареи, амилаҭтә ҟазара иахәҭакхаз иҳараку асахьаркыратә хаҿсахьақәа раԥҵареи рҿы илагала ҷыдақәа рзы", — ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҿы.
Баҭал Џьапуа Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, иара убас ианашьоуп Леон иорден.