Апарламент анхарҭа иадҳәалоу азакәанԥҵаратә актқәа аиҭакрақәа аланагалеит
17:03 17.06.2026 (ирҿыцуп: 17:45 17.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Ажәалагала ахәыҷтәы кризистә центр аргыларазы ахыбра аахәаразы абиуџьет аҿы аԥара ахьазоужьу иадҳәалоуп, аха аҳәынҭқарра анхарҭатә ҩнқәа раахәараҿы аԥкрақәа амоуп.
АҞӘА, рашәара 17 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы анхарҭа иадҳәалоу азакәанԥҵаратә актқәа аиҭакрақәа аларгалеит.
Апроект азырхоуп анхарҭатә ҭыԥқәа аҳәынҭқарратәи асоциалтәи аҭахрақәа рзы рхархәараҿы азакәаншьаҭа аманы, иаарту амеханизм аԥҵара.
Апарламент адепутат Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, ажәалагала ахәыҷтәы кризистә центр аргыларазы ахыбра аахәаразы абиуџьет аҿы аԥара ахьазоужьу иадҳәалоуп. Аха аҳәынҭқарра анхарҭатә ҩнқәа раахәараҿы аԥкрақәа амоуп.
Анхарҭатә хыбрақәа аҳәынҭқарратә ҭахрақәа рзы инхарҭатәымкәа рыҟаҵаразы аӡбара Аԥсны аминистрцәа реилазаара иаднакылароуп.
"Азакәан аҳәынҭқарратә инфраструктуратә хыбрақәа рыԥшаараани, аҳәынҭқарратә усбарҭа ҿыцқәа раԥҵараани ахарџьқәа реиҵатәразы аҭагылазаашьақәеи аԥнаҵоит", — ҳәа аҳәоит аилыркааратә напынҵаҿы.