Апарламент амшхәаԥштә аҟнытә иқәыргеит адепутатцәа ралхразы азакәан аиҭакрақәа ралагалара
16:46 17.06.2026 (ирҿыцуп: 17:38 17.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 17 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент алхратә зинқәа реилагара иадҳәалоу Аконституциатә закәани "Жәлар Реизара адепутатцәа ралхразы" Ашьаустә закәанеидкылеи рҿы алхратә зинқәа реилагара иазку аиҭакрақәа амшхәаԥштә аҟынтәи иқәыргеит.
Азакәанпроект ихымԥадатәиу ҭахрақәаны адгалара ҟанаҵоит:
Азакәанпроект ихымԥадатәиу ҭахрақәаны адгалара ҟанаҵоит:
акандидатцәа алхрақәа рымш аламҭаланӡа хәышықәса иреиҵамкәа Аԥсны инхахьазароуп;
аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәеи, аурыс бызшәеи рдырра — уи гәарҭоит Алхратә комиссиа хада алингвистикатә комиссиа;
акандидатцәа ралхратә фонд азы ахарџьқәа 30 нызқь иреиҳамкәа ашьақәыргылара, уаанӡа иҟаз аџьа азы иреиҵоу ауалафахәы 10 000 ацымхәрас. 30 000 ауалафахәы. Алхратә кампаниа афинанстә цхыраара иарбоу ахарџь 3% еиҳамзароуп;
Аԥсны зықәра наӡахьоу атәылауаа Апарламенттә алхрақәа аназгәаҭаха амш инаркны аихшьаалақәа ҟаҵахаанӡа рынхарҭаҭыԥ аԥсахра ақәиҭымтәра;
алхрақәа ирызку ауаажәларратә ҭҵаарақәа рылҵшәақәа алхрақәа раԥхьа 30 мшы ркьыԥхьра ақәиҭымтәра;
атәымтәылауаа, атәылауаҩра змам ауаа, аҳәаанырцәтәии адунеизегьтәии аиҿкаарақәа, адунеизегьтәи асоциалтә еиҿкаарақәа алхрақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи, акандидатцәа рықәыргылареи, акампаниа амҩаԥгареи, рышәҟәҭагалареи, акандидатцәа ралхреи ирԥырхагоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара ақәиҭымтәра. Алхратә кампаниа даҽа формак ала алахәхарагьы ҟалом;
атәымтәылауаа, атәылауаҩра змам ауаа, аҳәаанырцәтәи адунеизегьтәи аиҿкаарақәа, адунеизегьтәи асоциалтә еиҿкаарақәа ауаажәларратә гәаанагара аҭҵаарақәеи асоциологиатә ҭҵаарақәеи рымҩаԥгара ақәиҭымтәра, Апарламент ахь алхрақәа ирыдҳәалазар.

