Анхарҭа ҭыԥ маҷқәа рыҿиара апрограммазы иназыцҵоу арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит
11:55 24.06.2026 (ирҿыцуп: 12:14 24.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Анхарҭа ҭыԥ маҷқәа рыҿиара апрограммазы иназыцҵоу арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго рыланаҳәеит Аекономика аминистрра.
Арзаҳалқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 1 инаркны 24-нӡа.
Адкыларҭатә ҭыԥ аганахь ала ихадоу аҭахрақәа: имодультәу, ишьаҭанкылатәым аконструкциа, аконтеинертәгьы уахь иналаҵаны, ашықәс зегьы ахархәара ззухо, х-еихагылаки жәа-номерки иреиҳамкәа, амцарцәаратәи атехшәарҭадареи рықәныҟәара.
Ацхыраара асубсидиа аҳасаб ала ирыҭахоит — аинвестрпоект ахәԥса 50% рҟынӡа, аха номерк азы 1,5 млн мааҭ иреиҳамкәа.
Атуристтә усхк аҿиареи амодультә ҩнқәа зыргыло анаплакҩцәа рыцхыраареи ирыдҳәалоу апрограмма аусура ишалаго атәы иҳәеит Аԥсны иҟазаараан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников.
Раԥхьатәи арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуан рашәара 3-12 рзы.