Урыстәылатәи арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи адронқәа 269 ҭадырхеит
09:40 25.06.2026 (ирҿыцуп: 10:37 25.06.2026)

© Sputnik / Василий Батанов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 25 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 269 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Курсктәи, Калугатәи, Орловтәи, Ростовтәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы адронқәа ҭархоуп Москватәи арегионқәеи, Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Амшын еиқәа ақәыԥшылараҿи.