https://sputnik-abkhazia.info/20260625/1063919161.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Венесуела ахада инапыҵақәа назыгӡо Делси Елоине Родригес Гомес лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит. " Агәырӷәӷәага... 25.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-25T13:01+0300
2026-06-25T13:01+0300
2026-06-25T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/19/1063918995_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_702814a3a9fd0014ee677606cf721b3f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Венесуела ахада инапыҵақәа назыгӡо Делси Елоине Родригес Гомес лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит. " Агәырӷәӷәага ажәақәа рзыҳацҳауеит аԥсыҭбара иақәшәаз аҭаацәарақәа, иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит ахәрақәа зауз. Венесуелаа рзы ихьанҭоу арҭ амшқәа рзы Аԥсны жәлар гәыла-ԥсыла адгылара рырҭоит", ҳәа аҳәеит ашәҟәы аҿы. Атәыла ахада Венесуела ажәлар ирзеиӷьеишьеит агәыӷәӷәара, изықәшәаз арыцҳара аиааиразы ахачҳара.
Аԥснытәи адипломатцәа Венесуела иҟалаз адгьылҵысраан ԥырхага рмоуит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы. "Венесуела иҟоу ҳацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи ҳареи ҳаимадоуп. Иҳарҭаз аинформациала Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәагьы ахыбра ахаҭагьы ԥырхага рмоуит", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы. 126 шықәса рыҩнуҵҟа зеиԥш ҟамлацыз адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит Венесуела. Иҭахеит 32-ҩык иреиҵамкәа, ааха зауз 700-ҩык инареиҳаны амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инагоуп.
Аԥсныҟа иааит Шумаков ихьӡ зху атрансплантологиа ацентр аҟынтәи аҳақьымцәа. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи дареи реиԥылараан, дара аԥснытәи ачымазцәа иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит. "Урыстәылатәи ҳколлегацәа раара зыдҳәалоу аҷаҷа чымазарақәа змоу рдиагностикеи, рыхәшәтәреи рганахьала ҳалшарақәа ахәшьара рыҭареи, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьаҿ, ма Шумаков ихьӡ зху ацентр аҿы – аҷаҷа атрансплантациа азура алыршара ахәшьара аҭареи роуп", — иҳәеит Ҳаҭхәа. Урыстәылатәи аделегациа ахада, аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Аладатәии Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округқәеи ртрансплантолог Шамиль Галеев иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирыбзоураны агемодиализ зҭаху ауаа рыԥсҭазаара ԥкрада ахгаразы алшара шрымоу.
Акомпиутер адырразы акурсқәа ирылагеит Ԥсҳәы ақыҭа ашкол аҿы. Урҭ хықәкыс ирымоуп арҵаҩцәеи ашкол аусзуҩцәеи аҵаратә процесс аҿы рхы иадырхәаратәы ҳаамҭазтәи акомпиутертә программақәа дырҵара. Арҵаҩратә еилазаара асеиԥш акурсқәа еиҿыркаарц аминистр Хана Гәынԥҳа лахь аҳәара ҟарҵеит ҵыԥх, ҭагалан ашкол данаҭааз. "Асеиԥш апроектқәа ақыҭақәа ацхыраара рыҭареи рырҿиареи ирзырхоу, ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс иахәҭакуп", — ҳәа азгәарҭеит Аԥсны Аҵара аминистрраҟны.
Бадра Гәынба иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Венесуела ахада инапыҵақәа назыгӡо Делси Елоине Родригес Гомес лыхьӡала адышшыларатә шәҟәы дәықәиҵеит. " Агәырӷәӷәага ажәақәа рзыҳацҳауеит аԥсыҭбара иақәшәаз аҭаацәарақәа, иаарласны ршьапы иқәгыларц рзеиӷьаҳшьоит ахәрақәа зауз. Венесуелаа рзы ихьанҭоу арҭ амшқәа рзы Аԥсны жәлар гәыла-ԥсыла адгылара рырҭоит", ҳәа аҳәеит ашәҟәы аҿы. Атәыла ахада Венесуела ажәлар ирзеиӷьеишьеит агәыӷәӷәара, изықәшәаз арыцҳара аиааиразы ахачҳара.Аԥснытәи адипломатцәа Венесуела иҟалаз адгьылҵысраан ԥырхага рмоуит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы. "Венесуела иҟоу ҳацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи ҳареи ҳаимадоуп. Иҳарҭаз аинформациала Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәагьы ахыбра ахаҭагьы ԥырхага рмоуит", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы. 126 шықәса рыҩнуҵҟа зеиԥш ҟамлацыз адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит Венесуела. Иҭахеит 32-ҩык иреиҵамкәа, ааха зауз 700-ҩык инареиҳаны амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инагоуп.Аԥсныҟа иааит Шумаков ихьӡ зху атрансплантологиа ацентр аҟынтәи аҳақьымцәа. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи дареи реиԥылараан, дара аԥснытәи ачымазцәа иҷыдоу амедицинатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит. "Урыстәылатәи ҳколлегацәа раара зыдҳәалоу аҷаҷа чымазарақәа змоу рдиагностикеи, рыхәшәтәреи рганахьала ҳалшарақәа ахәшьара рыҭареи, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьаҿ, ма Шумаков ихьӡ зху ацентр аҿы – аҷаҷа атрансплантациа азура алыршара ахәшьара аҭареи роуп", — иҳәеит Ҳаҭхәа. Урыстәылатәи аделегациа ахада, аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Аладатәии Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округқәеи ртрансплантолог Шамиль Галеев иазгәеиҭеит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ирыбзоураны агемодиализ зҭаху ауаа рыԥсҭазаара ԥкрада ахгаразы алшара шрымоу.Акомпиутер адырразы акурсқәа ирылагеит Ԥсҳәы ақыҭа ашкол аҿы. Урҭ хықәкыс ирымоуп арҵаҩцәеи ашкол аусзуҩцәеи аҵаратә процесс аҿы рхы иадырхәаратәы ҳаамҭазтәи акомпиутертә программақәа дырҵара. Арҵаҩратә еилазаара асеиԥш акурсқәа еиҿыркаарц аминистр Хана Гәынԥҳа лахь аҳәара ҟарҵеит ҵыԥх, ҭагалан ашкол данаҭааз. "Асеиԥш апроектқәа ақыҭақәа ацхыраара рыҭареи рырҿиареи ирзырхоу, ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны инагӡахо аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс иахәҭакуп", — ҳәа азгәарҭеит Аԥсны Аҵара аминистрраҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/19/1063918995_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_76771999d50281f7125532d9920bd7ff.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио