Акоррупциа аԥырҟәҟәаара иалацәажәеит Аԥсны Апрокуратура хада акоординациатә еилатәараҿы
15:54 25.06.2026 (ирҿыцуп: 18:06 25.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 25 — Sputnik. Апрокуратура аусзуҩцәа зегьы акоррупциа иадҳәалоу ацәгьоурақәа раарԥшреи раԥырҟәҟәаареи руалԥшьоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркоординациатә еилатәара аҿы.
Иара атәылаҿы акоррупциа акырӡа зҵазкуа проблеманы ишыҟоу иҳәеит, иазгәеиҭеит 2020, 2021, 2022 шықәсқәа рзы ас еиԥш ацәгьоурақәа ирыдҳәалоу ашьаусқәа рацәаны ишаартыз анаҩс, урҭ реиҳарак аӡбарҭахь ишдәықәҵаз.

"Аха уи иаанагаӡом ҳусура ари аҿы иаанкылатәуп ҳәа. Аҵыхәтәантәи шықәсыки бжаки-ҩышықәса ирылагӡаны аҭагылазаашьа маҷқ иҭынчхашәа иҟан. Уи зыхҟьоз еиуеиԥшым аҵаҵӷәқәа ыҟан, аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа, апрокуратура анапхгара аамҭак азы аҟамзаара, аха иахьа зегьы ҭышәынтәалоуп. Убри аҟнытә ҳара ҳҿаԥхьа аҳасабтә ӷәӷәа ықәгылоуп", — иҳәеит иара.
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәоуп ҳәа рхиҳәааит.
Апрокуратура хадаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы иара иазгәеиҭеит аусбарҭабжьаратә усеицура аҵак ду шамоу.
Лолуа иҳәеит, аекономикатә цәгьаурақәа рышьақәырӷәӷәара шыуадаҩу, убри аҟнытә амчрақәа аҭыԥантәи аҩаӡараҿы акоррупциа ахҭысқәа раартра зылшо азакәанхьчаратә усзуҩцәа ишрыдгылоу атәы.
"Шәусура аӡәгьы рҽаларгалар ҟалом. Ҳара ҳҟынтәи ас еиԥш адгылара шәара шәзы даара акраҵанакуеит, иагьхымԥадатәиуп ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит иара.