https://sputnik-abkhazia.info/20260625/1063925251.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егорови. "Иахьа ишьақәгылахьоу аинырра... 25.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-25T18:01+0300
2026-06-25T18:01+0300
2026-06-25T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/19/1063925085_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_03eebe0121273f9219e1c934d05a9fef.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егорови. "Иахьа ишьақәгылахьоу аинырра апрактикатә ԥышәа алҵшәа аанашьҭхьеит. Ҳаргьы даара ҳақәгәыӷуеит ари аинырра ԥхьаҟа еиҳагьы иацлап ҳәа", — иҳәеит Гәынба. Бадра Гәынба Егорови АШәМ ахада ихаҭыԥуаҩ Иулиа Шепелевеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи рколлегацәа ирырҭо адгыларазы. Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа ахарҭәааразы ахатәы ӡбамҭақәа шаҭаху, Урыстәыла уи аҿы аԥышәа иамоу ала иацхраар шалшо.
Ашықәс алагамҭазы иазԥхьагәаҭаз апроектқәа еицымҩаԥыргоит ианаамҭоу ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егоров Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан. Ареспубликаҿы онлаин-кассақәа рышьақәыргылара иалагахьеит, ари аҿиара актәи ахәҭа ауп ҳәа азгәеиҭеит иара. "Ари ҳкомандақәа рзы даара аҭакԥхықәра зцу усуп. Ганкахьала — ашәахтәқәҵара аиашара аиқәыршәара алыршара, даҽа ганкахьала — ашәахтәшәаҩцәа рзы иманшәаланы аҟаҵара, асистема зегьы аусура иалагарц, еилыкка аус аурц азы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Агәаҭара-кассатә техника алагалара – ари Аԥсны ашәахтәқәҵара асистема аҿиара ахәҭа ҿыц ауп иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла ашәахтә маҵзура ахада Даниил Егорови иареи реиԥылараан. "Ари иахьа иреиӷьу практикоуп, жәаҳәарада, ареспублика иахьаҵанакуа инагӡаны иҭҵаатәуп, иалагалатәуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Делба дазааҭгылеит асистема ҿыц Аԥсны асистема аҷыдарақәа ҳасаб рзуны ишалагалахо. Аусура анхыркәшахалак ашьҭахь ареспублика абиуџьет ахь ашәахтәқәа раҳасабала ахашәалахәы цҵақәа аиуеит.
Апрокуратура аусзуҩцәа зегьы акоррупциа иадҳәалоу ацәгьоурақәа раарԥшреи раԥырҟәҟәаареи руалԥшьоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркоординациатә еилатәара аҿы. Иара атәылаҿы акоррупциа акырӡа зҵазкуа проблеманы ишыҟоу иҳәеит, иазгәеиҭеит 2020, 2021, 2022 шықәсқәа рзы ас еиԥш ацәгьоурақәа ирыдҳәалоу ашьаусқәа рацәаны ишаартыз анаҩс, урҭ реиҳарак аӡбарҭахь ишдәықәҵаз.
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәоуп ҳәа рхиҳәааит. Апрокуратура хадаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы иара иазгәеиҭеит аусбарҭабжьаратә усеицура аҵак ду шамоу. Лолуа иҳәеит, аекономикатә цәгьаурақәа рышьақәырӷәӷәара шыуадаҩу, убри аҟнытә амчрақәа аҭыԥантәи аҩаӡараҿы акоррупциа ахҭысқәа раартра зылшо азакәанхьчаратә усзуҩцәа ишрыдгылоу атәы.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егорови. "Иахьа ишьақәгылахьоу аинырра апрактикатә ԥышәа алҵшәа аанашьҭхьеит. Ҳаргьы даара ҳақәгәыӷуеит ари аинырра ԥхьаҟа еиҳагьы иацлап ҳәа", — иҳәеит Гәынба. Бадра Гәынба Егорови АШәМ ахада ихаҭыԥуаҩ Иулиа Шепелевеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи рколлегацәа ирырҭо адгыларазы. Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа ахарҭәааразы ахатәы ӡбамҭақәа шаҭаху, Урыстәыла уи аҿы аԥышәа иамоу ала иацхраар шалшо. Ашықәс алагамҭазы иазԥхьагәаҭаз апроектқәа еицымҩаԥыргоит ианаамҭоу ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәахтә маҵзура аиҳабы Даниил Егоров Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан. Ареспубликаҿы онлаин-кассақәа рышьақәыргылара иалагахьеит, ари аҿиара актәи ахәҭа ауп ҳәа азгәеиҭеит иара. "Ари ҳкомандақәа рзы даара аҭакԥхықәра зцу усуп. Ганкахьала — ашәахтәқәҵара аиашара аиқәыршәара алыршара, даҽа ганкахьала — ашәахтәшәаҩцәа рзы иманшәаланы аҟаҵара, асистема зегьы аусура иалагарц, еилыкка аус аурц азы", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Агәаҭара-кассатә техника алагалара – ари Аԥсны ашәахтәқәҵара асистема аҿиара ахәҭа ҿыц ауп иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәыла ашәахтә маҵзура ахада Даниил Егорови иареи реиԥылараан. "Ари иахьа иреиӷьу практикоуп, жәаҳәарада, ареспублика иахьаҵанакуа инагӡаны иҭҵаатәуп, иалагалатәуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Делба дазааҭгылеит асистема ҿыц Аԥсны асистема аҷыдарақәа ҳасаб рзуны ишалагалахо. Аусура анхыркәшахалак ашьҭахь ареспублика абиуџьет ахь ашәахтәқәа раҳасабала ахашәалахәы цҵақәа аиуеит. Апрокуратура аусзуҩцәа зегьы акоррупциа иадҳәалоу ацәгьоурақәа раарԥшреи раԥырҟәҟәаареи руалԥшьоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркоординациатә еилатәара аҿы. Иара атәылаҿы акоррупциа акырӡа зҵазкуа проблеманы ишыҟоу иҳәеит, иазгәеиҭеит 2020, 2021, 2022 шықәсқәа рзы ас еиԥш ацәгьоурақәа ирыдҳәалоу ашьаусқәа рацәаны ишаартыз анаҩс, урҭ реиҳарак аӡбарҭахь ишдәықәҵаз. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәоуп ҳәа рхиҳәааит. Апрокуратура хадаҿы азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәараҿы иара иазгәеиҭеит аусбарҭабжьаратә усеицура аҵак ду шамоу. Лолуа иҳәеит, аекономикатә цәгьаурақәа рышьақәырӷәӷәара шыуадаҩу, убри аҟнытә амчрақәа аҭыԥантәи аҩаӡараҿы акоррупциа ахҭысқәа раартра зылшо азакәанхьчаратә усзуҩцәа ишрыдгылоу атәы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/19/1063925085_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_314702be8d9814aaa2548f197715e1d7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио