Гәдоуҭа имҩаԥысит араион аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз
23:04 25.06.2026 (ирҿыцуп: 00:18 26.06.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
Сынтәа араион аҿы иҟоу 23 школ иалгеит 323-ҩык аҵаҩцәа, урҭ рахьынтә аӡәы -- хьтәы медалла.
АҞӘА, рашәара 25 — Sputnik. Гәдоуҭа имҩаԥысит араион аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, Апарламент адепутатцәа.
Адныҳәаларақәа ҟарҵеит араион ахада Асҭамыр Аргәыни аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи. Дара аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа ишьҭоу аԥсҭазааратә мҩа ду аҟны ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит. Хазы арҵаҩцәа рџьабаазы ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

"Арҵаҩцәеи аҭаацәеи ҳәоу еиқәшәала русура иалҵшәоуп иахьа хшыҩлеи ааӡаралеи ҳазмырԥхашьо Гәдоуҭа араион абжьаратә ҵараиурҭақәа ирылгаз 323-ҩык аушьҭымҭацәа. Шәара ижәдыруазааит занааҭс иалшәхуазаалакгьы Аԥсны шәшаҭаху", — ҳәа лҳәеит аҵара аминистр.
Араион аҟны сынтәа хьтәы медалла далгеит Бамборатәи ашкол аушьҭымҭа Адам Дбар.
Зҵараҟны зҽалзкаази, аспорти аҟазареи рҿы аихьӡарақәа аазырԥшызи аушьҭымҭацәа аҳаҭыртә бӷьыцқәа рыҭан.
Аныҳәа хыркәшан аконцерти асалиути рыла.