Еилкаам џьоукы Аҟәа аԥшаҳәаҿы зеиҭашьақәыргылара иаҿу аграниттә баркьылқәа рҵәаӷәеит
14:09 26.06.2026 (ирҿыцуп: 14:29 26.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 26 — Sputnik. Еилкаам џьоукы Аҟәа аԥшаҳәаҿы зеиҭашьақәыргылара иаҿу аграниттә баркьылқәа рҵәаӷәеит.
Ақалақь ахадара ирҽеиу аргыларақәа рыԥхасҭатәра шыҟамло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит, аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рахь ақалақьтә мазара еиҷаҳаларцаз ааԥхьара ҟарҵеит.
"Иарбанзаалак авандализмтә актқәа, аҩырақәа, асахьақәа ранҵара, мамзаргьы еиҭашьақәыргылоу аҭыԥқәа рыԥхасҭатәра ҟалашьа змам усуп. Урҭ ауаажәларратә еиҿкаара аилагара адагьы, аус зуа азакәанԥҵара инақәыршәаны административтәии егьырҭи аҭакԥхықәрақәеи рыдҵахоит", — ҳәа азгәаҭоуп ақалақь ахадара иҟанаҵаз ааԥхьараҿы.
Аҳҭнықалақь аиҳабыра иазгәарҭеит, аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала, аусурақәа шазку анеиааирҭатә ҭыԥ еиҳа иманшәаланы, ҳаамҭа иақәшәо, иԥшӡаны аҟаҵара, "аҟәаа реиԥш ақалақь асасцәагьы аргәырӷьаларц".