Ҭаҭарсҭан еиҭашьақәнаргыло Аҟәатәи аԥшаҳәа ахәҭа аартхоит ԥхынгәы 3 рзы
16:18 29.06.2026 (ирҿыцуп: 17:12 29.06.2026)

© Foto / Ираклий Хинтба
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 29 — Sputnik. Ҭаҭарсҭан ацхыраарала зеиҭашьақәыргылара иаҿу Аҟәа Диоскураа рыԥшаҳәа ахәҭа официалла иаартхоит ԥхынгәы 3 рзы.
Аԥшаҳәа аура 670 метра инаӡоит.
Ари аҽны Аԥсны ахада Бадра Гәынба адгылара зиҭаз аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа "Сабантуи" мҩаԥысуеит аԥшаҳәаҿы.
Аныҳәа апрограмма:
Аԥшаҳәа аура 670 метра инаӡоит.
Ари аҽны Аԥсны ахада Бадра Гәынба адгылара зиҭаз аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа "Сабантуи" мҩаԥысуеит аԥшаҳәаҿы.
Аныҳәа апрограмма:
Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа артистцәа ықәгылоит.
КВН асезон аартра – асааҭ 20:00 рзы Урыстәылеи Аԥсни еизгоу ркомандақәа еиқәшәоит.
Амилаҭтә қәԥара "Көрәш" (маҟҿаҳәараҭарс ақәԥара). Аиааира згаз, традициала Ҭаҭарсҭан аҳәынҭқарра аҟынтәи ауасеи амашьына Lada Grants ранашьахоит.
Аҭаҭар нхамҩа зныԥшуа ашҭа-гәара. Иара ргылахоит Бзыԥ аҳаблаҿы, аҭааҩцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҭаҭар жәлар ркультуреи рҵасқәеи реилкааразы ҿырԥшыс Аԥсны иаанхоит.
Асасцәа хәыда-ԥсада ашурпеи ачаии рыҭахоит.
Сабантуи еиҭаугозар "акәаҭан фестиваль" аанагоит. Аусмҩаԥгатә Ҭаҭарсҭан акультура-ҵарадырратә еилазаара "Дуслык" ашьақәгылара 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп. Аԥсны имҩаԥыргоит Аҟәа Ақалақь амш азгәаҭара аламҭалазы.
