"Ҳара ҳагаҿа бзиахә иқәнагалаз ауаҩы, иаҳҳәап, уи еиԥш заҳахьадаз аха, ҩнаҭак даднамкылаӡакәа адәышкәаӷьаз даақәхаӡаргьы, млаки-хьҭаки даго ҳәа иҟамызт, уи иԥаҳалон агаҿа ианымӡалоз аԥсабара абарақьаҭра: адәҳәыԥшқәа рҿы аҵыҵындра афҩы лаҳа-лаҳауа, абнақәа рҿы аҵыслаҳа, аҵысжьы уҳәару, акакан маҷхәузма, сара схаан аракәада уаҩы иҟәыбаӡомызт агәылхра цәгьоуп ҳәа; абацә уҭахызар, маҷхәузма, џьара жьырӡык азы акәымзар, иҿызхуадаз, арахь амра ашәахәа еиԥш абгыӡра еилԥхаауа, ацхарпа згәылкәкәоз амаахыр! Ҭагалан ҳаԥсҭақәа унарҭалар, аҵла гәаҩақәа рҿы асаранџь еиҟәшәшәо, ушьапы нылашәо ахьа цәҟәыншьа, иҭҟьо акыр уҟәнызар, еихыԥа-еиҵыԥо ашьабсҭақәа, ацәҟьа аргылашьа удыруазар – зеиуахк уҭаху аԥсаатә, ӡиаск ахықәаҿы амца узеиқәҵар – ркьыц мацарала заҟа уҭаху уԥыхьашәон акан рықәыҩҩы акалмаҳақәа!.. Ари зегьы ҳадгьыл бзиахә агәыԥҳәыхш акәын, дызусҭазаалак аӡәы сасык дахибаараны дыҟамызт. Аха изхәарҭагәышьоузеи, урҭ зегь ҳашьҭахьҟа иаанхеит… Ауаҩы мыжда имоу пату изақәымҵозаап, ахә ашьарагьы илымшозаап".
Даҽа 20 материал