Аҟәа агәҭа аныҟәара ԥкхоит ԥхынгәы 1, 3 рзы
19:59 29.06.2026 (ирҿыцуп: 22:04 29.06.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
Аныҟәара аанкылахоит асааҭ 16:00 инаркны аҵх агәанынӡа.
АҞӘА, рашәара 29 — Sputnik. Аҟәа амҩақәа рҿы аныҟәара ԥкхоит ԥхынгәы 1, 3 рзы ҳәа азгәарҭоит Аҳәынҭавтоинспекциаҿы.
Уи зыҟьо Аԥсуа театр аҿаԥхьа хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа роуп.
Асааҭ 16:00 инаркны 00: 00 рҟынӡа Лакәаба имҩа ахәҭак – Аидгылара амҩа инаркны Ажәанба имҩа аҟынӡа аныҟәара аркхоит.
Амашьынаныҟәцаҩцәа ақалақь агәы аҟынтәи Аидгылара амҩала Гәлиа имҩахь ихалароуп, Гәлиа имҩаҟынтәи Леон имҩаду аҟынӡа, анаҩс Аиааир амҩаду ала Ажәанба имҩа аҟынӡа ганкы мацарала ицалар акәхоит.
Иара убасгьы атранспорт аныҟәара аанкылахоит абарҭ аҭыԥқәа рҿы: Аиааира амҩаду аҟынтәи Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҟынӡа — Леон имҩаду ала, Пушкини Академик Марри рымҩақәа рыла, Лакәаба имҩа аҟынтәи аԥшаҳәахьы — Ажәанба имҩала.