Алиса Гыцԥҳа V лмузыкатә еицлабра-лабораториа алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
11:01 30.06.2026 (ирҿыцуп: 11:31 30.06.2026)

© Foto / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Алиса Гыцԥҳа V лмузыкатә еицлабра мҩаԥысуеит 2022 шықәса аахыс, 2024 шықәсазы уи раԥхьаӡа акәны амузыкатә лабораториа аформат ала имҩаԥысит.
АҞӘА, рашәара 30 — Sputnik. Алиса Гыцԥҳа V лмузыкатә еицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.
Иара мҩаԥыслоит цәыббра 30 рҟынӡа.
Аицлабратә хәҭақәа мҩаԥгахоит Москва жьҭаарамзазы. 18-45 шықәса зхыҵуа алахәылацәа аноминациақәа "Аопера ахкынагӡара", "Акамертә вокалтә шәаҳәара", "Ацҳәара аҟазара" рҿы аиааирагаразы рҽазыршәоит. Рыҩаӡара ашьҭыхра рылшоит алабораториа апрограммаҿы иазԥхьагәаҭоу аҟазаратә-классқәа ирыбзоураны.

"Амузыкантцәа алшара рымоуп аԥаратә ҳамҭақәа рыдагьы, Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа рҿы агастрольтә тур аҳәаақәа ирҭагӡаны акрызҵазкуа асценақәа рҿы рықәгыларақәа рыла рырҿиаратә лҵшәақәа рхарҭәаара алыршаразы азықәԥара", —ҳәа азгәаҭоуп акьыԥхьымҭаҿы.
Апроект аиҿкаара иацхраауеит "Росатом Енергосбыти", Аԥсны аиҳабыреи.