https://sputnik-abkhazia.info/20260630/1064022387.html
Аԥснытәи Канн: аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа "риаҵәақәа"
Аԥснытәи Канн: аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа "риаҵәақәа"
Sputnik Аҧсны
Сынтәа 150 инареиҳаны Аԥснытәи ашколқәа аԥсҭазаара ду амҩа иқәырҵеит арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи. 30.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-30T14:05+0300
2026-06-30T14:05+0300
2026-06-30T17:36+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1d/1063989676_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_519ea721fb1c90a0b21a735c03bf9496.jpg
Рашәарамза Аԥсны традициала аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа рымҩаԥгара иаамҭоуп. Ашкол аушьҭымҭацәеи рҭаацәеи ашықәс зегьы ари амш рҽазыҟарҵоит, иалырхуеит рышәҵатәы, еицырдыруа адизаинерцәа, афотоҭыхыҩцәа, авидеоҭыхыҩцәа заа рыҽрымардоит. Зегьы даара иҭакԥхықәроуп, аҽазыҟаҵарақәа Каннтәи акинофестиваль аҿы амҩаҟаԥшь еиԥшуп, аушьҭымҭацәа рҭеиҭыԥш акәзар - голливудтәи аиеҵәақәа акала иреицәам. Ажәақәа мыцхәуп - шәахәаԥш Sputnik афотолента.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1d/1063989676_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_ab2c428f024b9c241c2b3fa0526e730c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, аҟәа
фото, афотосахьақәа, аԥсны, аҟәа
Аԥснытәи Канн: аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа "риаҵәақәа"
14:05 30.06.2026 (ирҿыцуп: 17:36 30.06.2026) Сынтәа 150 инареиҳаны Аԥснытәи ашколқәа аԥсҭазаара ду амҩа иқәырҵеит арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.
Рашәарамза Аԥсны традициала аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа рымҩаԥгара иаамҭоуп. Ашкол аушьҭымҭацәеи рҭаацәеи ашықәс зегьы ари амш рҽазыҟарҵоит, иалырхуеит рышәҵатәы, еицырдыруа адизаинерцәа, афотоҭыхыҩцәа, авидеоҭыхыҩцәа заа рыҽрымардоит.
Зегьы даара иҭакԥхықәроуп, аҽазыҟаҵарақәа Каннтәи акинофестиваль аҿы амҩаҟаԥшь еиԥшуп, аушьҭымҭацәа рҭеиҭыԥш акәзар - голливудтәи аиеҵәақәа акала иреицәам.
Ажәақәа мыцхәуп - шәахәаԥш Sputnik афотолента.

Аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа мҽхакыҭбаала имҩаԥысуеит Аԥсны ақалақьқәа, араионқәа, ақыҭақәа рҿы

Аҟәа аԥшаҳәаҿы есыуаха инеиааиуеит иацтәи ашколхәыҷқәа

Ари амш заа ҭакԥхықәрала аҽазыҟаҵара иалагоит

Ашықәс алагамҭаз нап адыркуеит рышәҵатәқәа реиқәыршәара

Шьоукы ахәаԥшцәа рыршанхарзы рышәҵатәы еиԥшны еицалырхуеит

Аҟәа аԥшаҳәа - аушьҭымҭацәа зегьы рфотоҭыхырҭа ҭыԥны иҟалоит

Арҭ амшқәа рзы иара уарҳалла ихҟьоу мҩоуп

Аушьҭымҭацәа реибыҭашьа Канн аиеҵәахәқәеи "Оскар"-и ирыцнаргоит

Улаԥш зыдхало, иҟәымшәышәу, илашоу, амилаҭтәқәа - зеиуахкы уҭаху аҵкқәа

Арԥарцәа ракәзар - иџьентльменцәаҵәҟьаны ицәырҵуеит

Аӡӷабцәа - еимгеимцарак иалагӡан изызҳаз ҭыԥҳацәахоит

Амала, рыблақәа ирхубаало амцеи рыччаԥшьи ирҳәоит - макьана зынӡа ишқәыԥшқәоу

Есышықәса иҟоуп ҳаамҭазтәи амода иақәшәо афасон акәымкәа, амилаҭтә маҭәа алызхуа

Аушьҭымҭацәа реибыҭаразы аӡахҩцәа уахи-ҽни ицәам, шәҵатәыцыԥхьаӡа иамоуп иара аҭоурых

Арԥарцәагьы баша аклассикатә шәҵатәы акәымкәа, аинтерес зҵоу амаҭәа аиқәыршәара рҽазыршәоит

Арҭ аҵкқәа зтәу даҽа знык иршәырымҵар ҟалоит, аха ахәылԥаз аҿы уи зтәу убла хылкуа дарԥшӡоит

Аушьҭымҭатә хәылԥазы - ашколхәыҷқәа аҵыхәтәантәи, ихьаадоу школтә мшуп, ԥхьаҟа дара ирзыԥшуп аԥышәарақәа

Аҿар мызқәак рышьҭахь рстуденттә ԥсҭазаара алагоит, иалырхуа азанааҭ аҵара нап адыркуеит