Аҳәаанырцәуаа автомашьынатә ԥгаԥса ахьрымам азы административтә ҭакԥхықәра амчра роуит
16:05 30.06.2026 (ирҿыцуп: 17:03 30.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 30 — Sputnik. Аԥсны амчра роуит аҳәаанырцәуаа автомашьынатә ԥгаԥса ахьрымам азы административтә ҭакԥхықәра шьақәзыргыло ариашарақәа.
Уаанӡа азакәан аҿы иазԥхьагәаҭан аԥгаԥса аиқәыршәараз аҭакԥхықәра, аха аилагаразы аҭакԥхықәра ауснагӡатә шьақәыргыламызт.
Амчра зауз анормақәа инарықәыршәаны аԥгаԥсатә полис еиқәзмыршәаз, уи ада амашьына аԥсҟы зку аҳәаанырцәуаа иршәалоит зымҽхак иреиҵаӡоу ауалафахәы аҟынтә 50 (МРОТ) ыҟоу ахараԥса.
Атранспорттә хархәагақәа зтәу, аҳәаанырцәтәи ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи хымԥадатәи аԥгаԥсазы ртәылауаҩратә ҭакԥхықәр азакәан Аԥсны аус ауеит 2006 шықәса раахыс.
Аԥсныҟа иаауа аҳәаанырцәуаа ареспублика иахьаҵанакуа адагьы онлаинла автомашьына аԥгаԥсаҟаҵара рылшоит.