https://sputnik-abkhazia.info/20260630/1064029259.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны амчра роуит аҳәаанырцәуаа автомашьынатә ԥгаԥса ахьрымам азы административтә ҭакԥхықәра шьақәзыргыло ариашарақәа.Уаанӡа азакәан аҿы иазԥхьагәаҭан аԥгаԥса... 30.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-30T18:01+0300
2026-06-30T18:01+0300
2026-06-30T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1e/1064029093_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_8436423f74bb8aeea5e33befc17d206a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны амчра роуит аҳәаанырцәуаа автомашьынатә ԥгаԥса ахьрымам азы административтә ҭакԥхықәра шьақәзыргыло ариашарақәа.Уаанӡа азакәан аҿы иазԥхьагәаҭан аԥгаԥса аиқәыршәараз аҭакԥхықәра, аха аилагаразы аҭакԥхықәра ауснагӡатә шьақәыргыламызт.Амчра зауз анормақәа инарықәыршәаны аԥгаԥсатә полис еиқәзмыршәаз, уи ада амашьына аԥсҟы зку аҳәаанырцәуаа иршәалоит зымҽхак иреиҵаӡоу ауалафахәы аҟынтә 50 (МРОТ) ыҟоу ахараԥса.Аԥсныҟа иаауа аҳәаанырцәуаа ареспублика иахьаҵанакуа адагьы онлаинла автомашьына аԥгаԥсаҟаҵара рылшоит.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Аԥсны амҩақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.Ихадоу гәаҭаратә ҭыԥны иҟалеит Гагра, уаҟа рашәара 29 рзы имҩаԥысит ашкол аушьҭымҭацәа ақалақьтә хәылԥазы. Еиҳарак хшыҩзышьҭра зырҭоз аԥсҟы зкыз зықәра намӡац ракәын. Ас еиԥш аилагаҩцәа 8-ҩык ыҟан, урҭ рмашьынақәа ахараԥсатә ргыларҭақәа рахь ирышьҭит, рҭаацәа ахараԥсақәа рзылырҩааит. Агәаҭарақәа мҩаԥысуан аҵх агәанынӡа. Зынӡа амҩатә ԥҟаррақәа реилагаразы 308 ԥкаанҵак шьақәдыргылеит, арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз 3-ҩык ааныркылеит, 118 машьына рсаркьақәа аиқәарақәа амырхит.
Ф-номинациак рыла ишьақәгылоит нанҳәа 26 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу аицлабреи афестиваль "Агәадурақәа рмузыкеи". Алахәхаразы ԥхынгәы 6 рҟынӡа асаит аҿы арзаҳал харҭәааны бжьыцқьала ақәгылара авидеонҵамҭа ацҵатәуп.Аицлабра мҩаԥысуеит аноминациақәа фба рыла иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аԥхьахә ҷыда. Аиааира згаз Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы иқәгылоит, рашәақәа арадио "Агәадура" аефир аҿы игоит."Ари зымҽхак ҭбаау апроект аҽалархәра аԥсуа шәаҳәаҩцәа рзы аԥеиԥш дуқәа аанартуеит: аиааира ргар дара ироуеит алшара иналукааша урыстәылатәи аплошьадкақәа рҿы инарҭбааны аинформациатә цхыраара рыманы ақәгыларазы.Апроект нагӡахоит Аԥсны ахада Иусбарҭа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд рыцхыраарала.
Алиса Гыцԥҳа V лмузыкатә еицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.Иара мҩаԥыслоит цәыббра 30 рҟынӡа.Аицлабратә хәҭақәа мҩаԥгахоит Москва жьҭаарамзазы. 18-45 шықәса зхыҵуа алахәылацәа аноминациақәа "Аопера ахкынагӡара", "Акамертә вокалтә шәаҳәара", "Ацҳәара аҟазара" рҿы аиааирагаразы рҽазыршәоит. Апроект аиҿкаара иацхраауеит "Росатом Енергосбыти", Аԥсны аиҳабыреи.
Аԥсны амчра роуит аҳәаанырцәуаа автомашьынатә ԥгаԥса ахьрымам азы административтә ҭакԥхықәра шьақәзыргыло ариашарақәа.Уаанӡа азакәан аҿы иазԥхьагәаҭан аԥгаԥса аиқәыршәараз аҭакԥхықәра, аха аилагаразы аҭакԥхықәра ауснагӡатә шьақәыргыламызт.Амчра зауз анормақәа инарықәыршәаны аԥгаԥсатә полис еиқәзмыршәаз, уи ада амашьына аԥсҟы зку аҳәаанырцәуаа иршәалоит зымҽхак иреиҵаӡоу ауалафахәы аҟынтә 50 (МРОТ) ыҟоу ахараԥса.Аԥсныҟа иаауа аҳәаанырцәуаа ареспублика иахьаҵанакуа адагьы онлаинла автомашьына аԥгаԥсаҟаҵара рылшоит. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Аԥсны амҩақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.Ихадоу гәаҭаратә ҭыԥны иҟалеит Гагра, уаҟа рашәара 29 рзы имҩаԥысит ашкол аушьҭымҭацәа ақалақьтә хәылԥазы. Еиҳарак хшыҩзышьҭра зырҭоз аԥсҟы зкыз зықәра намӡац ракәын. Ас еиԥш аилагаҩцәа 8-ҩык ыҟан, урҭ рмашьынақәа ахараԥсатә ргыларҭақәа рахь ирышьҭит, рҭаацәа ахараԥсақәа рзылырҩааит. Агәаҭарақәа мҩаԥысуан аҵх агәанынӡа. Зынӡа амҩатә ԥҟаррақәа реилагаразы 308 ԥкаанҵак шьақәдыргылеит, арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз 3-ҩык ааныркылеит, 118 машьына рсаркьақәа аиқәарақәа амырхит. Ф-номинациак рыла ишьақәгылоит нанҳәа 26 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу аицлабреи афестиваль "Агәадурақәа рмузыкеи". Алахәхаразы ԥхынгәы 6 рҟынӡа асаит аҿы арзаҳал харҭәааны бжьыцқьала ақәгылара авидеонҵамҭа ацҵатәуп.Аицлабра мҩаԥысуеит аноминациақәа фба рыла иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп аԥхьахә ҷыда. Аиааира згаз Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы иқәгылоит, рашәақәа арадио "Агәадура" аефир аҿы игоит."Ари зымҽхак ҭбаау апроект аҽалархәра аԥсуа шәаҳәаҩцәа рзы аԥеиԥш дуқәа аанартуеит: аиааира ргар дара ироуеит алшара иналукааша урыстәылатәи аплошьадкақәа рҿы инарҭбааны аинформациатә цхыраара рыманы ақәгыларазы.Апроект нагӡахоит Аԥсны ахада Иусбарҭа, Урыстәыла ахада Иусбарҭа, акультуратә аԥшьгарақәа рзы Ахада ифонд рыцхыраарала. Алиса Гыцԥҳа V лмузыкатә еицлабра-лабораториа "Амузыка — ҳәаа змам аиҿцәажәара" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.Иара мҩаԥыслоит цәыббра 30 рҟынӡа.Аицлабратә хәҭақәа мҩаԥгахоит Москва жьҭаарамзазы. 18-45 шықәса зхыҵуа алахәылацәа аноминациақәа "Аопера ахкынагӡара", "Акамертә вокалтә шәаҳәара", "Ацҳәара аҟазара" рҿы аиааирагаразы рҽазыршәоит. Апроект аиҿкаара иацхраауеит "Росатом Енергосбыти", Аԥсны аиҳабыреи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/1e/1064029093_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_494dad40621a3eb3b978e3c2484c2644.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио