Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит
10:53 03.07.2026 (ирҿыцуп: 11:23 03.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Еиҭашьақәыргылоу Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак официалла иаадыртит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани рнапхгаҩцәеи иҟарҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, игәалаиршәеит аибашьра ашықәс уадаҩқәа раан арҭ ареспубликақәа Аԥсны хәы змаӡам ацхыраара шарҭоз.

"Агәраганы сыҟоуп, Аԥсны жәлар гәыблыла ҳаиашьаратә республикақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шыргәалашәало, уи ргәаҵақәа рҿы ишыҵәаххо", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.
Амшынԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәеи рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.

1/4
© Sputnik / Томас Тхайцук

2/4
© Sputnik / Томас Тхайцук

3/4
© Sputnik / Томас Тхайцук

4/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
1/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
2/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
3/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
4/4
© Sputnik / Томас Тхайцук
Уи адагьы, аԥшаҳәаҿы аамҭатә капсуала шьҭаҵоуп. Уи аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа раацҳамҭақәеи, иҭырхыз асахьақәеи, анапхгара рнапы зҵарҩыз агәалашәаратә ашәҟәы ҭаҵәахуп.
Акапсула аартхоит 45 шықәса рышьҭахь — Аҟәа 2555 шықәса ахыҵра амш аҽны.
Акапсула аартхоит 45 шықәса рышьҭахь — Аҟәа 2555 шықәса ахыҵра амш аҽны.