https://sputnik-abkhazia.info/20260731/1064699099.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Науру Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит. Абри атәы аанацҳаит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳәа азгәанаҭоит Sputnik... 31.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-31T13:30+0300
2026-07-31T13:30+0300
2026-07-31T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1f/1064698933_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f66b6bbfac8c04f089bf17bbdc85675f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Науру Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит. Абри атәы аанацҳаит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳәа азгәанаҭоит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла. Ари ашьаҿа ҩ-ганктәи аилибамкаарақәа ирхымҟьеит, адәныҟатәи ақәыӷәӷәароуп изылҵшәахаз ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит, ареспублика жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаареи жәларбжьаратәи азхаҵара арӷәӷәареи рзы акурс ишацнаҵо, уи адгылаҩ хадас ишаанхо Урыстәылатәи Афедерациа.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи. Гладков иазгәеиҭеит аҭаацәа рыхьчара аинститутқәа иарбан уаажәларразаалак аҿы ароль ду шынарыгӡо. "Ҳаргьы ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчаразы аус еицаҳулоит. Иҳацәтәыму ахәыҷқәа ҳамаӡам", —азгәеиҭеит Гладков. Мактина Џьынџьалԥҳа ацҳаражәҳәаҩ изеиҭалҳәеит, ахәыҷтәы омбудсмен лусрбарҭеи ацҳаражәҳәарҭеи русеицура шышьақәгылоз атәы. Сынтәа, Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааган Урыстәыла ааха зауз арегионқәа рҟынтәи 200-ҩык ахәыҷқәа.
Ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы еиҿкаау алагер "Ахьышьҭрахь" аҟынтәи ахәыҷқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара арӷәӷәара иацхраауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Апарламент адепутат Инар Гыцба. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа аӡәырҩы Аԥсны аӡбахә злардыруа аиҳабыратә абиԥара ирыҵанакуа ражәабжьқәа рыла, мамзаргьы аинтернет аҿы иҟоу аинформациа ала ауп. Аха алагер алахәхара хаҭала атәыла адырра, рыблала абара, атмосфера анырра, акультура еиҳа иааигәаны аилкаара, рҭынхацәеи дареи реимадарақәа рышьақәыргылара рзы алшара рнаҭоит ҳәа азгәеиҭеит апарламентари.
Пицундатәи афестиваль жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр раԥхьаӡакәны Пицундатәи ауахәамаҿы иқәгылеит ԥхынгәы 30 рзы. Аконцерт Альфред Шнитке, Бернхард Хенрик Круссель, Иоганнес Брамс, Бенџьамин Бриттен, Камиль Сен-Санс рырҿиамҭақәа рыла ишьақәгылан. Ахәылԥаз аҿы ахкынагӡаҩцәас иҟант Александр Книазев, Ельмира Караханова, Артиом Ваниан. Асахьаркыратә напхгаҩы — Барас Кәыџба. Иара убри амш азы Пицундатәи ауахәамаҿы Иван Царев инаигӡоз ауарӷантә музыка аконцертгьы мҩаԥысит.
Науру Аахыҵ Уаԥстәылеи иареи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит. Абри атәы аанацҳаит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳәа азгәанаҭоит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла. Ари ашьаҿа ҩ-ганктәи аилибамкаарақәа ирхымҟьеит, адәныҟатәи ақәыӷәӷәароуп изылҵшәахаз ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҿы. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазгәарҭеит, ареспублика жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаареи жәларбжьаратәи азхаҵара арӷәӷәареи рзы акурс ишацнаҵо, уи адгылаҩ хадас ишаанхо Урыстәылатәи Афедерациа. Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи. Гладков иазгәеиҭеит аҭаацәа рыхьчара аинститутқәа иарбан уаажәларразаалак аҿы ароль ду шынарыгӡо. "Ҳаргьы ахәыҷқәа ринтересқәа рыхьчаразы аус еицаҳулоит. Иҳацәтәыму ахәыҷқәа ҳамаӡам", —азгәеиҭеит Гладков. Мактина Џьынџьалԥҳа ацҳаражәҳәаҩ изеиҭалҳәеит, ахәыҷтәы омбудсмен лусрбарҭеи ацҳаражәҳәарҭеи русеицура шышьақәгылоз атәы. Сынтәа, Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааган Урыстәыла ааха зауз арегионқәа рҟынтәи 200-ҩык ахәыҷқәа. Ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рзы еиҿкаау алагер "Ахьышьҭрахь" аҟынтәи ахәыҷқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыли дареи реимадара арӷәӷәара иацхраауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны Апарламент адепутат Инар Гыцба. Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәа аӡәырҩы Аԥсны аӡбахә злардыруа аиҳабыратә абиԥара ирыҵанакуа ражәабжьқәа рыла, мамзаргьы аинтернет аҿы иҟоу аинформациа ала ауп. Аха алагер алахәхара хаҭала атәыла адырра, рыблала абара, атмосфера анырра, акультура еиҳа иааигәаны аилкаара, рҭынхацәеи дареи реимадарақәа рышьақәыргылара рзы алшара рнаҭоит ҳәа азгәеиҭеит апарламентари. Пицундатәи афестиваль жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр раԥхьаӡакәны Пицундатәи ауахәамаҿы иқәгылеит ԥхынгәы 30 рзы. Аконцерт Альфред Шнитке, Бернхард Хенрик Круссель, Иоганнес Брамс, Бенџьамин Бриттен, Камиль Сен-Санс рырҿиамҭақәа рыла ишьақәгылан. Ахәылԥаз аҿы ахкынагӡаҩцәас иҟант Александр Книазев, Ельмира Караханова, Артиом Ваниан. Асахьаркыратә напхгаҩы — Барас Кәыџба. Иара убри амш азы Пицундатәи ауахәамаҿы Иван Царев инаигӡоз ауарӷантә музыка аконцертгьы мҩаԥысит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1f/1064698933_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_732d3426ef920a2889ae6f1579b54200.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио