Аҟәа аӡымҽхакыраҿы ҷкәына хбыџк амшын дагеит
13:01 04.07.2026 (ирҿыцуп: 13:18 04.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Аҟәа аӡымҽхакыраҿы ҷкәына хбыџк амшын дагеит.
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистррахь ахҭыс азы адырра ҟалеит ԥхынгәы 3, 17:50 сааҭ рзы.
Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Алашарбага иахьаҵанакуа аплиаж аҿы иҟаз ауаа аҟәараҿы ахбыџ имаҭәақәа шышьҭаз гәарҭеит, аха иара ихаҭа ааигәа-сигәа дшыҟам рбеит, урҭ АҶА ахь адырра ҟарҵеит.
Аҭыԥ ахь инеит Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа. Аӡхәыҵалаҩцәа арԥыс иԥшаара иалагеит, хара имгакәа 13 шықәса зхыҵуа Давид Габисониа иԥсыбаҩ рыԥшааит.
Иара убас аҭыԥ ахь инеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи ацхыраара ласи.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь аус нашьҭуп, аусеилыргара мҩаԥысуеит.