Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира згаз аԥсуа чара иазку апроект далацәажәеит
13:51 04.07.2026 (ирҿыцуп: 14:31 04.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҿы аиааира агара афестивальтә проект "Уарада" алыршаразы амч ду анаҭеит ҳәа азгәалҭеит уи аԥҵаҩы Ирена Кәылааԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭашьақәдыргылоу аԥсуа чара азы адекорациақәа раахәареи акостиумқәа рыӡахреи рзы алшара лнаҭеит.
Ахықәкы хада — атәыла асасцәеи ауааԥсыреи ажәытәтәи аԥсуа традициақәа рыла ачара амҩаԥгашьа акультура дырбара ауп.
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" еиҿыркааит "Аԥсны акомандеи" "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи", Аԥсны ахада Иусбарҭеи атуризм аминистрреи рыцхыраарала. Аицлабра афинал мҩаԥган мшаԥы 2 рзы. 48-ҩык аԥхьахәгаҩцәа рыпроектқәа рынагӡаразы миллионк-миллионк агрантқәа роуит.