https://sputnik-abkhazia.info/20260704/1064128600.html
Аиҩызара аныҳәа: Аҟәатәи аԥшаҳәа аартреи "Сабантуии"
Аиҩызара аныҳәа: Аҟәатәи аԥшаҳәа аартреи "Сабантуии"
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аныҳәатә аартра мҩаԥысит ахәаша ԥхынгәы 3 рзы. 04.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-04T14:27+0300
2026-07-04T14:27+0300
2026-07-04T16:27+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/04/1064130129_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_927bc2f4bb611cd984fd4826a3994d94.jpg
Апроект ахәԥса 2,5 млрд мааҭ иреиҳауп. Аусурақәа алыршахеит Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, Урыстәылеи Аԥсни рнаплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны.Аԥшаҳәа аартра иалахәын аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәа рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.Иара убасгьы, аԥшаҳәаҿы аамҭатә капсуала шьҭаҵоуп. Уи аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа раацҳамҭақәа, иҭырхыз асахьақәа, анапхгара рнапы зҵарҩыз агәалашәаратә ашәҟәы ҭаҵәахуп.Уи адагьы, аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа "Сабантуи" мҩаԥысуеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы.Аԥшаҳәаҿы идыргылеит аҭаҭар мҿтәы ҩны, аџьаама, атематикатә ҿхышәқәа, еиҿыркааит амилаҭтә хәмаррақәеи ахәыҷтәы раамҭа ахьырхыргаша аҭыԥқәеи.Ацәыргақәҵаҿы Аԥсны ауааԥсыреи атуристцәеи Ҭаҭарсҭантәи аалыҵқәа рыдыргалеит — акыцтәи, иҭаԥыҟҟоу аалыҵқәеи, аба, арԥшӡагақәа, Ҭаҭарсҭан иазку ашәҟәқәа, амилаҭтә чыс, абзазара, адунеи аҿы зегьы иреиҳау асамауар.Аныҳәатә усмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/04/1064130129_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_b59fd7b86bff0c369789e6807f6d0eee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны
фото, афотосахьақәа, аԥсны
Аиҩызара аныҳәа: Аҟәатәи аԥшаҳәа аартреи "Сабантуии"
14:27 04.07.2026 (ирҿыцуп: 16:27 04.07.2026) Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аныҳәатә аартра мҩаԥысит ахәаша ԥхынгәы 3 рзы.
Апроект ахәԥса 2,5 млрд мааҭ иреиҳауп. Аусурақәа алыршахеит Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, аҟәатәи аҳаирбаӷәаза, Урыстәылеи Аԥсни рнаплакыҩцәа рыцхыраара иабзоураны.
Аԥшаҳәа аартра иалахәын аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Дара апышҭарчқәеи, Аԥсни, Урыстәылеи уи арегионқәа рбираҟқәеи рыманы аҟәара иқәсит.
Иара убасгьы, аԥшаҳәаҿы аамҭатә капсуала шьҭаҵоуп. Уи аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа раацҳамҭақәа, иҭырхыз асахьақәа, анапхгара рнапы зҵарҩыз агәалашәаратә ашәҟәы ҭаҵәахуп.
Уи адагьы, аҭаҭарцәа рмилаҭтә ныҳәа "Сабантуи" мҩаԥысуеит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы.
Аԥшаҳәаҿы идыргылеит аҭаҭар мҿтәы ҩны, аџьаама, атематикатә ҿхышәқәа, еиҿыркааит амилаҭтә хәмаррақәеи ахәыҷтәы раамҭа ахьырхыргаша аҭыԥқәеи.
Ацәыргақәҵаҿы Аԥсны ауааԥсыреи атуристцәеи Ҭаҭарсҭантәи аалыҵқәа рыдыргалеит — акыцтәи, иҭаԥыҟҟоу аалыҵқәеи, аба, арԥшӡагақәа, Ҭаҭарсҭан иазку ашәҟәқәа, амилаҭтә чыс, абзазара, адунеи аҿы зегьы иреиҳау асамауар.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов.

Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аныҳәатә аартраҿы аамҭатә капсуала шьҭаҵоуп.

Аныҳәа рхы аладырхәит аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи.

Аԥшаҳәа аартраҿ иқәгылеит ҭаҭартәи ашәаҳәара-акәашаратә ансамбль.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә иаҭааит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов.

"Сабантуи" аартраҿ асасцәа иаадрыԥшит рыкәашара-рышәаҳәаратә ҟазара.

Агәырӷьаратә хәҭа иалагаанӡа имҩаԥысит кореш захьӡу амилаҭтә қәԥаразы атурнир аиндаҭларақәа. Аицлабрақәа рҿы аиааира игеит казантәи — Азат Габдрашитов, уи ихадоу аидыслараҿы Аԥсны ахаҭарнак Инал Гаделиа дииааит.

"Сабантуи" концертла иаартын. Асценахь ицәырҵит аԥсуеи аҭаҭаржәлари рколлективқәа.

Гәынба "Сабантуи" баша ныҳәам — Аԥсни Ҭаҭарсҭани рыбжьара аиҩызара ӷәӷәа иасимволуп ҳәа ахиҳәааит.

Аныҳәаҿ аҭаҭар жәлар рыхәмаррақәа мҩаԥыргеит.

Уи рхы аладырхәит агәаҳәара змаз хәыҷгьы-дугьы.

"Сабантуи" алахәцәа милаҭ маҭәала еилаҳәан.

Аныҳәаҿ ицәырган амилаҭтә музыка арҳәагақәа.

Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов иҳәеит арегион аҵарадырра, аспорт, атуризм, аекономика русхк аҟны Аԥсны аус ацура аринахысгьы амҽхак арҭбаара ишазыхиоу.

Ацәыргақәҵаҿы Аԥсны ауааԥсыреи атуристцәеи Ҭаҭарсҭантәи аалыҵқәа рыдыргалеит — акыцтәи, иҭаԥыҟҟоу аалыҵқәеи, аба, арԥшӡагақәа, Ҭаҭарсҭан иазку ашәҟәқәа, амилаҭтә чыс, абзазара, адунеи аҿы зегьы иреиҳау асамауар.