Венесуела Урыстәыла иҟанаҵаз агәыҳалалратә цхырааразы ҭабуп ҳәа азаанацҳаит
16:16 04.07.2026 (ирҿыцуп: 17:10 04.07.2026)

© AP Photo Matias Delacroix
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 4 — Sputnik. Венесуела адгьылҵысра ашьҭахь Урыстәыла иҟанаҵаз агәыҳалалратә цхырааразы ҭабуп ҳәа азаанацҳаит.
"Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Каракас агәыҳалалратә цхыраара анагара, иара убасгьы, асанитар-епидемиологиатә хылаԥшразы аспециалистцәа раарагьы", — иҳәеит Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Гиль.
Зымчхара 7,2; 7,5 иҟоу ҩ-ҵысрак ҟалеит Венесуела рашәара 24 рзы. Уи анаҩс 890 адгьылҵысра маҷқәа гәаҭан.
Ԥхынгәымза 4-нӡатәи адыррақәа рыла, иҭахаз рхыԥхьаӡара 2645-ҩык рҟынӡа инаӡоит, даҽа 12 666-ҩык ахәрақәа роуит.
15 нызқьҩык инареиҳаны хыҵакырҭада иаанхеит. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны 885 хыбра ԥхасҭахеит, урҭ рҟынтә 189 хыбра зынӡа еилыбгеит. Иҟалаз арыцҳара аилыргара иалахәуп 58 нызқьҩык инареиҳаны аҭыԥантәи амаҵзурақәа русзуҩцәеи ахатәгәаԥхарауааи, иара убасгьы, 3,3 инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аиқәырхаратә усзуҩцәагьы.