Аҟәа 2510 шықәса ахыҵра азгәаҭара иалагеит Аԥсуа театр аҿаԥхьа
12:30 05.07.2026 (ирҿыцуп: 13:02 05.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 5 — Sputnik. Аҟәа 2510 шықәса ахыҵра азгәаҭара иалагеит Аԥсуа театр аҿаԥхьа.
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы ара еиҿкаауп ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәеи Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ агимнастцәеи злахәу арлахҿыхратә программа.
Атеатр аҿаԥхьа ахәыҷқәа рсахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит. Асахьақәа рҿы иаарԥшуп Аҟәа еиуеиԥшым акәакьқәа — уи еицырдыруа аҭыԥԥшӡарақәа.
Иара убас аныҳәамш иалагӡаны Амҳаџьырцәеи Диоскурааи рыԥшаҳәақәеи, иара убас ацәыргақәҵатә зал хадеи рҿы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп.
Аныҳәатә программа — аконцертқәа, аҟаза-иклассқәа, ацәыргақәҵақәа, Ашашкақәа рзы адунеи ачемпион ицыхәмарра, аԥснытәии самаратәи арҿиаратә коллективқәа рықәгыларақәа, аныҳәатә ныҟәара.
Аныҳәа хыркәшахоит — Диоскураа рыԥшаҳәаҿы афеиерверк ала.