Ацәыргақәҵа "Аҟәа иазку аода" аатит Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны
14:55 05.07.2026 (ирҿыцуп: 15:20 05.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 5 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Аҟәа иазку аода" аатит Ацәыргақәҵатә зал хада аҟны.
Ари, Аҟәа Амш аҽны АЗХ еиҿнакааз ахәбатәи иубилеитә цәыргақәҵоуп.
Сынтәа ара ицәыргоуп 30 инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәеи аскульпторцәеи ҿарацәа русумҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоупџ Данаҟаи Адлеиба, Адамыр Аршба, Николь Барцыцԥҳа, Асҭамыр Ешба, Алина Матвеева, Диана Нарманиаԥҳа, Олег Ҷедиа, Амра Чичибаиаԥҳа, Давид Ҷкотуа, Карина Чолокиан.
Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа лажәақәа рыла, аусумҭақәа зегьы Аҟәа азыҟазаашьа — атмосфера, афрагмент, ацәанырра еидыркылоит.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 30 рҟынӡа, иҟалоит иацҵахаргьы.