Сергеи Безруков Аԥсны даҭааит
15:51 05.07.2026 (ирҿыцуп: 16:16 05.07.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 5 — Sputnik. Сергеи Безруков Аԥсны даҭааит.
Аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иара диԥылеит РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба.
Уаҵәы, Урыстәыла Жәлар рартист инапхгарала Аҟәа ихацыркхоит "Ахәыҷтәы фестиваль Ду аныҩбжьы", уи мҩаԥысуеит ԥхынгәы 10 рҟынӡа.
Апрограмма иаҵанакуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Ахәыҷтәы фестиваль ду алауреатцәа ркино, рмультфильмқәа хәыда-ԥсада дырбара.
РУСДРАМ аҿы иддырбоит Урыстәыла иреиӷьу ахәыҷтәы театрқәа рҟынтәи аклассикатәи амузыкатәи спектакльқәа хәба. Абилеҭқәа раахәара алшоит атеатр асаити акассеи рҿы.
Иара убасгьы, имҩаԥысраны иҟоуп асценатә неиааиреи, акәашареи, авокали рзы атренингқәеи аҟазара-классқәеи, абжьы ашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵарақәа, аишьашәаларақәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, аҟазарҭақәа ахәыҷтәы шәҟәыҩҩцәеи асахьаркыҩцәеи алахәны.