Венесуела иҟалаз адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 3342-ҩык рҟынӡа инаӡеит
11:28 06.07.2026 (ирҿыцуп: 11:49 06.07.2026)

© AP Photo Matias Delacroix
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik. Венесуела иҟалаз адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 3342-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Даҽа 16 740-ҩык аахақәа роуит, 6462-ҩык еиқәырхоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла аиҳабыра.
Ацхыраара роуит 86,8 нызқьҩык рҟынӡа аҭаацәарақәа, нхарҭада иаанхоит 17,3 нызқьҩык инареиҳаны.
856 хыбра ааха роуит, урҭ рҟынтәи 190 зынӡа еилаԥыххаауп. Адгьылҵысрақәа рышьҭахь иазгәаҭоуп зымчхара ӷәӷәамыз даҽа 995 дгьылҵысра.
Ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалахәуп 60 нызқьҩык инареиҳаны аиқәырхаҩцәеи, аруааи, ахатәгәаԥхаҩцәеи. Аиҳабыра ааха зауз араионқәа рахь инаргеит 9585 тонна афатәи 669 008 литра аӡыржәтәи.