Сергеи Безруков РУСДРАМ актиорцәа рзы аҟазара-класс мҩаԥигеит
11:41 07.07.2026 (ирҿыцуп: 11:58 07.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Сергеи Безруков РУСДРАМ актиорцәа рзы аҟазара-класс мҩаԥигеит.
Урыстәыла Жәлар рартист далацәажәеит хаҭала дзықәшәахьо ахҭысқәа, ахаҿсахьа аҽшалагалатәу, ахәмарра еиҳа агәра угартә иҟаларц азы хшыҩзышьҭра зҭатәу амаҷ-саҷқәа ртәы.
Сергеи Безруков Аԥсныҟа дааит ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы аҟазара афестиваль "АФД Аныҩбжьы" иманы. Аусмҩаԥгатә ԥхынгәы 10 рҟынӡа имҩаԥыслоит, аспектакльқәа рыдагьы иара иаҵанакуеит атренингқәа, аҟазара-классқәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, аҟазарҭақәа, акинорбарақәа.