https://sputnik-abkhazia.info/20260707/1064217375.html
Беглов Санкт-Петербурги Аԥсни амедусҳәарҭақәа русеицураз ажәалагала ҟаиҵеит
Беглов Санкт-Петербурги Аԥсни амедусҳәарҭақәа русеицураз ажәалагала ҟаиҵеит
Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов зхадараҿы дыҟоу аделегациа аԥсныҟа иааит ԥхынгәы 6 рзы. 07.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-07T15:56+0300
2026-07-07T15:56+0300
2026-07-07T16:39+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/17/1053880153_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_8b8eaac1d978a6ead0a3be8619c0208a.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Санкт-Петербург амедусҳәарҭақәа аԥсуа коллегацәа аус рыцура иазҿлымҳауп иҳәеит Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь агубернатор Александр Беглов Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан."Петербургтәи жәларбжьаратәи агәы Ацентр" азыхиоуп аҳақьымцәа-акардиологцәа ҿарацәа разыҟаҵаразы, аконсультативтә центрқәа раԥҵаразы аԥышәа рымдара. Ианаҭахха уи азы Аԥсныҟа командировка иаарышьҭыр рылшоит урыстәылатәи аспециалистцәа ҳәа ациҵеит агубернатор.Беглов иажәақәа рыла, Санкт-Петербург иаԥҵоуп агәабзиарахьчара аусхк аҟны аелектронтә сервисқәа 40, хара имгакәа инагӡахоит ачымазцәа раамҭа аиҷаҳара иазырхоу апроект "Аиҷаҳаратә поликлиника", ақалақь ауаҩԥсы имедицинатә хсаалага аелектронтә версиахь аиагара иалагахьеит.Арҭ атехнологиақәеи амаҵзурақәеи зегьы Санкт-Петербург азыхиоуп Аԥсны алагалараҿ ацхраара аҟаҵара.
https://sputnik-abkhazia.info/20260707/1064216433.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/17/1053880153_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_059dd8d589b5218b068d5ba7bc009a09.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Беглов Санкт-Петербурги Аԥсни амедусҳәарҭақәа русеицураз ажәалагала ҟаиҵеит
15:56 07.07.2026 (ирҿыцуп: 16:39 07.07.2026) Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов зхадараҿы дыҟоу аделегациа аԥсныҟа иааит ԥхынгәы 6 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Санкт-Петербург амедусҳәарҭақәа аԥсуа коллегацәа аус рыцура иазҿлымҳауп иҳәеит Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь агубернатор Александр Беглов Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иареи реиԥылараан.
"Петербургтәи жәларбжьаратәи агәы Ацентр" азыхиоуп аҳақьымцәа-акардиологцәа ҿарацәа разыҟаҵаразы, аконсультативтә центрқәа раԥҵаразы аԥышәа рымдара. Ианаҭахха уи азы Аԥсныҟа командировка иаарышьҭыр рылшоит урыстәылатәи аспециалистцәа ҳәа ациҵеит агубернатор.
Беглов иажәақәа рыла, Санкт-Петербург иаԥҵоуп агәабзиарахьчара аусхк аҟны аелектронтә сервисқәа 40, хара имгакәа инагӡахоит ачымазцәа раамҭа аиҷаҳара иазырхоу апроект "Аиҷаҳаратә поликлиника", ақалақь ауаҩԥсы имедицинатә хсаалага аелектронтә версиахь аиагара иалагахьеит.
Арҭ атехнологиақәеи амаҵзурақәеи зегьы Санкт-Петербург азыхиоуп Аԥсны алагалараҿ ацхраара аҟаҵара.