Гана аофициалтә делегациа Аԥсныҟа иааит
16:08 07.07.2026 (ирҿыцуп: 16:40 07.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Гана аофициалтә делегациа Аԥсныҟа иааит.
Аҭаара хықәкыс иамоуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа 2510 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәреи Аԥсны аҳҭнықалақьи Гана амуниципалитети аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР аҟны.
Аделегациа дырԥылеит аусбарҭа ахада Олег Барцыц.
"Ҳара иаадыруеит, ахә ҳаракнгьы иаҳшьоит Ареспублика Гана – Африкатәи аконтинент аҿы иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, зыҿиара ҳараку ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, аекономикатә лшара ӷәӷәеи ҳаамҭазтәи аинфраструктуреи зманы иҟоу акәны. Ҳара ҳзы игәахәароуп, игәырӷьароуп гантәи ҳҩызцәа рыдкылара", — иҳәеит иара.
Барцыц иҳәеит, Аԥсны активла аус шаднауло Африка аҳәынҭқаррақәеи иареи еицырзыфеидоу аусеицура рыбжьаҵара.
Ганатәи аделегациа ахада, итрадициатәу аԥхьагыла — ақалақь Сухум акрал Барина Амоако Дарко инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Ганеи рыбжьара апартниортә еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа рышьақәыргылара дшазыхиоу.