Урыстәылатәи аҳақьымцәа 18-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ Аԥсныҟа амаҵзураныҟәарала иааит
17:48 07.07.2026 (ирҿыцуп: 18:31 07.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа 18-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ аԥсныҟа амаҵзураныҟәарала иааит.
Урҭ атәыла ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа зегьы рахь ирышьҭит, араионтәқәа реиԥш — ақалақьтәқәа рахьгьы, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи рахьгьы ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа рыбжьара иҟоуп зеиуа маҷу азанааҭқәа змоу аҟазауаа — ахәыҷтәы ԥсихиатарцәа, аневрологцәа, апедиатрцәа, ареаниматологцәа, анестезиологцәа, аинфекционистцәа уҳәа егьырҭгьы.
"Ари аҩыза апрактика ԥшьбаҟа шықәса ҵуеит иҳамоуижьҭеи, акурорттә сезон ашыкьымҭаз Урыстәылантәи иҳацхраарц иаҳзаауеит аҳақьымцәа. Ҵыԥх-ҵыԥхцәатәи ашықәсқәа рзы иаашьҭыз аҳақьымцәа рхыԥхьаӡара еиҳан, сынтәа — еиҳа еиҵоуп, аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа уаала иахьеиқәыршәоу абзоурала, сынтәа ацхыраара ҳҭахымхеит", — иҳәеит Гәниа