https://sputnik-abkhazia.info/20260707/1064220801.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург аҟынтәи атехника ҷыда Аҟәа аҭара ацеремониа мҩаԥысит Ахақәиҭра ашҭаҿы. Уи иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Санкт-Петербург агубернатор... 07.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-07T18:01+0300
2026-07-07T18:01+0300
2026-07-07T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/07/1064220635_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_42fb0af0efb0478f4e5b83b5c2cf9fa2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург аҟынтәи атехника ҷыда Аҟәа аҭара ацеремониа мҩаԥысит Ахақәиҭра ашҭаҿы. Уи иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглови. Аԥсны аҳҭнықалақь ҳамҭас иаиуит атроллеибусқәа хԥеи аҟәатәи аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа иарҭаз ацхыраара ласы амашьынеи, автокрани. Иара убас, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа ашколтә автобус арҭоит.
Аҟәатәи аиндустриатә коллеџь еиҭашьақәыргылахоит Санкт-Петербург ацхыраарала. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь агубернатор Александр Беглови Аԥсны Аҵара аминистрра ахада Хана Гәынԥҳа дрыцны аколлеџь иаԥну аҵакыреи ахыбра ахаҭеи гәарҭеит. Беглов иажәақәа рыла, Петербург ахыдҵақәа ахахьы иагоит аколлеџь шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылареи, акорпус ҿыци, аспортзали, азеиԥшнхарҭеи рыргыларазы.
Гана аофициалтә делегациа Аԥсныҟа иааит. Аҭаара хықәкыс иамоуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа 2510 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәреи Аԥсны аҳҭнықалақьи Гана амуниципалитети аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР аҟны. Аделегациа дырԥылеит аусбарҭа ахада Олег Барцыц. "Ҳара иаадыруеит, ахә ҳаракнгьы иаҳшьоит Ареспублика Гана – Африкатәи аконтинент аҿы иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, зыҿиара ҳараку ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, аекономикатә лшара ӷәӷәеи ҳаамҭазтәи аинфраструктуреи зманы иҟоу акәны. Ҳара ҳзы игәахәароуп, игәырӷьароуп гантәи ҳҩызцәа рыдкылара", — иҳәеит иара.
Урыстәылатәи аҳақьымцәа 18-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ Аԥсныҟа акомандировкала иааит. Урҭ атәыла ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа зегьы рахь ирышьҭит, араионтәқәа реиԥш — ақалақьтәқәа рахьгьы, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи рахь ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа. Урыстәылатәи аҳақьымцәа рыбжьара иҟоуп зеиуа маҷу азанааҭқәа змоу аҟазауаа — ахәыҷтәы ԥсихиатарцәа, аневрологцәа, апедиатрцәа, ареаниматологцәа, анестезиологцәа, аинфекционистцәа уҳәа егьырҭгьы.
Санкт-Петербург аҟынтәи атехника ҷыда Аҟәа аҭара ацеремониа мҩаԥысит Ахақәиҭра ашҭаҿы. Уи иаҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглови. Аԥсны аҳҭнықалақь ҳамҭас иаиуит атроллеибусқәа хԥеи аҟәатәи аҩбатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа иарҭаз ацхыраара ласы амашьынеи, автокрани. Иара убас, Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа ашколтә автобус арҭоит. Аҟәатәи аиндустриатә коллеџь еиҭашьақәыргылахоит Санкт-Петербург ацхыраарала. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақь агубернатор Александр Беглови Аԥсны Аҵара аминистрра ахада Хана Гәынԥҳа дрыцны аколлеџь иаԥну аҵакыреи ахыбра ахаҭеи гәарҭеит. Беглов иажәақәа рыла, Петербург ахыдҵақәа ахахьы иагоит аколлеџь шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылареи, акорпус ҿыци, аспортзали, азеиԥшнхарҭеи рыргыларазы. Гана аофициалтә делегациа Аԥсныҟа иааит. Аҭаара хықәкыс иамоуп Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа 2510 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәреи Аԥсны аҳҭнықалақьи Гана амуниципалитети аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАР аҟны. Аделегациа дырԥылеит аусбарҭа ахада Олег Барцыц. "Ҳара иаадыруеит, ахә ҳаракнгьы иаҳшьоит Ареспублика Гана – Африкатәи аконтинент аҿы иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, зыҿиара ҳараку ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, аекономикатә лшара ӷәӷәеи ҳаамҭазтәи аинфраструктуреи зманы иҟоу акәны. Ҳара ҳзы игәахәароуп, игәырӷьароуп гантәи ҳҩызцәа рыдкылара", — иҳәеит иара. Урыстәылатәи аҳақьымцәа 18-ҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ Аԥсныҟа акомандировкала иааит. Урҭ атәыла ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа зегьы рахь ирышьҭит, араионтәқәа реиԥш — ақалақьтәқәа рахьгьы, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи рахь ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа. Урыстәылатәи аҳақьымцәа рыбжьара иҟоуп зеиуа маҷу азанааҭқәа змоу аҟазауаа — ахәыҷтәы ԥсихиатарцәа, аневрологцәа, апедиатрцәа, ареаниматологцәа, анестезиологцәа, аинфекционистцәа уҳәа егьырҭгьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/07/1064220635_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_20e2d890a243084b100fea97f46c83ff.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио