"Музыка Гордых" III афестиваль алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп
23:11 07.07.2026 (ирҿыцуп: 23:41 07.07.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу III афестиваль "Музыка Гордых" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара аҿҳәара ԥхынгәы 12 рҟынӡа иацҵоуп.
Аицлабра еиҿкаауп "Аԥсадгьыл азы ашәа", "Абзиабара азы ашәа", "Аҭаацәараирызку ашәа", "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рашәа", "Урыстәыла ажәларқәа рыбжьқәа", "Аԥсны абжьы" аноминациақәа рыла. Иара убасгьы, иазԥхьагәаҭоуп ҷыдоу аҳамҭагьы.
Аиааира иаԥсахо алахәылацәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы нанҳәа 26 рзы иқәгылоит, урҭ рашәақәа арадио "Гордость" аефир аҿы иадырҳәоит.
Аҽалархәразы ихымԥадатәиуп асаит аҿы арзаҳал ахарҭәаара.
Апроект нагӡахоит Аԥсны ахада Иусбарҭа, Урыстәыла ахада Иусбарҭеи акультуратә аԥшьгарақәа рзы Атәыла ахада ифонди рыцхыраарала.