Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ Сергеи Зыхәба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа
20:50 10.07.2026 (ирҿыцуп: 21:31 10.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik. Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩы Сергеи Зыхәба диижьҭеи 90 шықәса ҵит иахьа.
Сергеи Лад-иԥа дышқәыԥшызнатә даара зхы аус адзулоз, арҿиаратә гәаҳәара зызҭаз уаҩын. Ашкол данҭаз инаркны ирацәаны даԥхьон, алитература бзиаӡаны идыруан, исахьаркыратә гьама ҳаракын. Афольклор аизгара, аҭҵаара анахыс, уи иаҵоу адоуҳа агәра игон.
Дыстудентны аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылеит, 1978 шықәсазтәи еицырдыруа Аԥсуа шәҟәы знапы аҵазҩыз 130-ҩык дыруаӡәкын иаргьы.
Зынӡа инапы ҵыҵит 200 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа; алитературадырратә статиақәа, ашәҟәқәа жәпакы (афольклортә текстқәа рышәҟәқәа мацара 10 рҟынӡа), иҭиҵаауан аԥсуа литературеи нхыҵкавказтәи алитературақәеи реизыҟазаашьа, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рырҿиара. Ихаҭагьы ажәабжьқәа, афоризмқәа иҩуан; апублицистикаҿы дыӷәӷәан; деиҭагон (аԥсышәала ирцәажәеит азахә фольклор ахьыршәыгәқәа, Андерсен илакәқәа).
"Аамҭа деиҷаҳауан", — абас иҳәахьеит Руслан Қапба иҩыза гәакьа Сергеи Зыхәба изы. Изхиҳәаазгьы уи ԥсшьарак ихы иамҭаӡакәа, ҽышәала иус ахьынаигӡоз ауп. Сергеи Лад-иԥа ачымазара бааԥс анизцәырҵ, мчыбжьык ахь хынтә ишьа зегьы иԥсахлар акәын, кәарма-кәарма илеиуаз ахәшә даҵаианы ихигон. Зны Маиҟәаԥ иҽихәышәтәуан, нас Аԥсны. Аҵыхәтәантәи иҭҵаарадырратә, икритикатә усумҭақәа агемодиализ дшаҵаиаз иаԥиҵақәаз роуп. Аџьамыӷәа ибазаргьы, илихыз амҩа ихы ламырҟәӡакәа данысит.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Сергеи Зыхәба ианашьоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара. Иџьабаа хәы змаӡам лагалоуп кавказҭҵааразы, лымкаалагьы аԥсуа доуҳатә культуразы.