Очамчыра 2526 шықәса ахыҵит!

Очамчыра 2526 шықәса ахыҵит!
Ара ажәытәтәи ауаҩы дынхон хә-нызқь шықәса раԥхьагьы, уи шьақәзырӷәӷәо археологиатә ԥшаахқәа ыҟоуп, аха хаз қалақьны ишьақәгылеит VI ашәышықәса актәи азбжа инаркны ҳәа иԥхьаӡоуп. Усҟан арахь иқәнагалеит ақалақь Милетынтәи абырзенцәа-аколонистцәа. Урҭ ара абырзен полис аргылара нап адыркит, иагьахьӡырҵеит Гиуенос.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзгьы аҵарауаа ара лассы-лассы ирԥыхьашәоит усҟантәи аамҭақәа ирыҵанакуа акрызҵазкуа аԥшаахқәа. Аҵыхтәантәиқәа иреиуоуп антикатәи аамҭа иаҵанакуа аџьаз иалху аҳаҭәараҷ, аҭсатә ҭоубыҭ.
Иахьа Очамчыра ауадаҩрақәа ириааины аҿиарамҩа иануп, ара инхоит хә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра. Иара амшын аҟәара иаҿықәуп, аԥшаҳәа ԥшӡоуп, аиаҵәара иҭалаҳауп. Очамчыраа ракәзар, рықалақь гәыкала иазыҟоуп.
Нагӡара уқәзааит, Очамчыра, нагӡара рықәзааит ҳақалақь хьыҵәцарақәа!