Бадра Гәынба Очамчыра ауааԥсыра ақалақь ашьақәгылара 2526 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
11:30 11.07.2026 (ирҿыцуп: 13:24 12.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалақь амш азгәарҭоит иахьа. Апрограмма иаҵанакуеит ацәыргақәҵақәа, аҟаза-иклассқәа, аконцерт, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 — Sputnik. Аҧсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра ауааԥсыра ақалақь ашьақәгылара 2526 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны раԥхьаӡатәи ақалақьқәа иреиуоу Гиуенос ҳ.ҟ. IV ашәышықәсаз ишышьақәгылаз, уи адагьы, Кавкази антикатә дунеии еидызҳәало, ахәаахәҭра, амшынныҟәара, анапҟазаратә ҭыҧ хаданы ишыҟалаз.
Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Очамчыра иахҭнагаз рацәоуп. Гәынба иациҵеит, ақалақьи атәыла зегьы ахақәиҭтәра азы аибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи хашҭра шақәым.
"Иахьа Очамчыра аҿиара амҩа иануп. Ауааҧсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәразы аинфраструктурақәеи алшарақәеи аԥҵахоит. Аха Очамчыра зегьы иреиҳау малны еснагь иҟоу иаланхо, зықалақь бзиа избо, уи аҭоурых иазгәдуу, аҿиаразы злагала ҟазҵо ауааҧсыра роуп, ус иагьаанхоит ҧхьаҟагьы", — аҳәоит анҵамҭаҿы.