Ареставраторцәа ргәыԥ Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟоу аныхачаԥақәа рыҭҵаара иалагеит
15:33 12.07.2026 (ирҿыцуп: 18:19 12.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Санкт-Петербургтәи ареставраторцәа ргәыԥ Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟоу аныхачаԥақәа рыҭҵаара иалагеит.
Асахьаҭыхҩы-ареставратор Иннокенти Осмоловски Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ауахәамаҿы иҟоуп жәабала аныхачаԥақәа, урҭ рҟынтәи имаҷымкәа аиҭашьақәыргылара хымԥада изҭаху ыҟоуп.
Асахьаҭыхҩы-ареставратор Иннокенти Осмоловски Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ауахәамаҿы иҟоуп жәабала аныхачаԥақәа, урҭ рҟынтәи имаҷымкәа аиҭашьақәыргылара хымԥада изҭаху ыҟоуп.
"Ҳаара зегь раԥхьаӡа иргыланы аҭҵааратә ҟазшьа амоуп. Ҳара аныхачаԥақәа рзеиԥш ҭагылазаашьа ахәшьара аҳҭоит, урҭ рыҵәахразы абжьгарақәа ҟаҳҵоит, ишыкнаҳатәу рыҵаҳҳәоит, иԥхьактәу акиотқәа гәаҳҭоит, уҳәа убас иҵегьы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҟазацәа ашәыгеи ашәыгашьаҭақәеи рҿырԥштәқәа ргеит, урҭ анализ азы Санкт-Петербургҟа идәықәҵахоит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инарықәыршәаны, аиҭашьақәыргылаҩцәа ргәыԥ еиҿкаахоит, урҭ нанҳәамзазы аусура аҩбатәи ахәҭа аиҿкааразы, иахәҭоу аматериалқәа рыманы Лыхныҟа иаауеит.
Асахьаҭыхҩы-ареставратор Алексеи Купцов ишазгәеиҭаз ала, аныхачаԥақәа реиҳарак алҩақ аԥхасҭа рнаҭеит. Иара убасгьы, урҭ ацәашьқәеи акәаҷаб иахылҵуа аԥхарра аҟынтәи ашьҭақәеи рныԥшуеит.
Лыхнытәи ауахәама ргылан X ашәышықәсазы, убри аҟнытә Аԥсны зегь реиҳа ижәытәӡоу ауахәамақәа иреиуоуп. Ауахәама аҩнуҵҟа иану аҭыӡсахьақәа XIV ашәышықәса иаҵанакуеит, урҭ рыхьчареи реиҭашьақәыргылареи хымԥадатәиуп.
Урыстәылатәи аҟазацәа Лыхнытәи ауахәама раҭаара амеценатцәеи ауахәама аҭааҩцәеи рыцхыраарала еиҿкаан. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы Виссарион (Аԥлиа) еиҿкаау аус дақәныҳәеит.