00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыхнытәи ауахәама аҩнуҵаҟатәи аҭыӡсахьақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхненский храм внутри
Лыхненский храм внутри  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2026
Анапаҵаҩра
Аҳауа аҽеиҭакрақәеи егьырҭ адәахьтәи анырреи ирыхҟьаны аҭыӡсахьақәа ҩаԥхьа аԥхасҭахара иалагеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Лыхнытәи ауахәама аҩнуҵаҟатәи аҭыӡсахьақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауахәама ахылаԥшҩы аб Давид (Сарсаниа).

"Сгәыӷуеит ареставрациатә усурақәа рыцҵара алыршахап, насгьы аҳәынҭқарра аҟынтә адгылара роуеит ҳәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы ихадоуп ҳуахәама асахьақәа ирыдҳәалоу ареставрациатә-консервациатә усурақәа рымҩаԥгара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аб Давид иажәақәа рыла, аҭыӡсахьақәа XIV ашәышықәса иаҵанакуеит. 1970-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа ҟазараҭҵааҩ ду Лео Шершавиӡе инапхгарала урҭ реиҭашьақәыргылара мҽхакы ҭбаала имҩаԥган. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа, аҳауа аҽеиҭакрақәеи егьырҭ адәахьтәи анырреи ирыхҟьаны аҭыӡсахьақәа ҩаԥхьа аԥхасҭахара иалагеит.
Иахьатәи аамҭазы Лыхнытәи ауахәамаҿы аныхачаԥақәа рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит Санкт-Петербургынтәи иааԥхьоу асахьаҭыхыҩцәа-ареставраторцәа Иннокенти Осмоловски, Алексеи Купцов, Васили Богомолов. Ироуз аматериалқәа Санкт-Петербургҟа инарышьҭуеит, уаҟа аҟазацәа урҭ рҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит, анаҩстәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыплан шьақәдыргылоит.

Нанҳәамзазы урыстәылатәи ареставраторцәа ҩаԥхьа Лыхныҟа иаауеит, аныхачаԥақәа реиҭашьақәыргыларазы иахәҭоу аматериалқәеи амыругақәеи рыманы.

Санкт-Петербургынтәи аҟазацәа раара еиҿыркааит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы Виссарион (Аплиаа) иақәныҳәарала Лыхнытәи амеценатцәеи ауахәама аҭааҩцәеи.
Лыхненский храм - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2026
Аԥсны
Ареставраторцәа ргәыԥ Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟоу аныхачаԥақәа рыҭҵаара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0