Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа Пиотари Павели ргәалашәара амш азгәарҭеит Гәыма ақыҭан
21:10 12.07.2026 (ирҿыцуп: 21:39 12.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 12 — Sputnik. Иԥшьоу ацҳаражәҳәаҩцәа Пиотари Павели ргәалашәара амш азгәарҭеит Гәыма ақыҭан.
Аныҳәатә анцәаимҵаныҳәареи аӡыԥшьареи мҩаԥигеит аб Давид (Гәазаа).

Иреиҳаӡоу ацҳаражәҳәаҩцәа Пиотари Павели ргәалашәара иазкыз ауахәама аҵакыраҿы аныҳәареи аџьартә ныҟәареи жәаҩыла аиашахаҵаратә динхаҵаҩцәа рхы аладырхәит.
Аԥшьаҩыра излаҳәо ала, иԥшьоу иреиҳаӡоу ацҳаражәҳәаҩцәа Пиотари Павели иԥшьоу агәаҟра рыдыркылеит мышкы — рашәара 29 рзы иулиантәи амзар ала.
Аҭоурыхҭҵааҩ Даур Хьыбба ишиҳәаз ала, Гәыма ақыҭан ауахәама дыргылеит XIX ашәышықәсазы.

"XIX ашәышықәсазы нхара-нҵыра Аԥсныҟа иааз абырзенцәа идыргылеит ауахәама, аха рыцҳарас иҟалаз 30-тәи ашықәсқәа раан аныхабаа аркын", —иҳәеит иара.
Амҳаџьырра иахҟьаны иҭацәыз Аԥсны аҵакыраҿы Урыстәылатәи аимпериа иалнаршеит абырзенцәа рнырхара.
Иосиф Сталин инапхгара аамҭазы абырзенцәа рызнеишьа аҽаԥсахит. Урҭ мчыла Аԥсны иалцаны атауартә вагонқәа рыла Ҟазахсҭанҟа ииаргеит. Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, урҭ рахьтә иҟоуп ареспубликахь ихынҳәыз.