Аԥсны ахада иаԥшьгамҭақәеи иажәалагалақәеи: Беслан Кобахьиа игәаанагара
15:36 13.07.2026 (ирҿыцуп: 15:51 13.07.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Аԥсны акрызҵазкуа азҵаара ӡбатәуп — аҳәынҭқарратә милаҭ рышьақәыргылара ҳәа азгәеиҭеит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахьиа, арадио Sputnik аефир аҟны.
Уи азы ареспублика ауааԥсыра зегьы аҳәынҭқарратә бызшәа рдыруазароуп ҳәа агәраганы дыҟоуп иара.
"Ҳәарада, Аԥсны инхо, иарбан милаҭзаалакгьы зегьы ирдыруазароуп аԥсуа бызшәа. Ари иарбан тәылазаалак аҿы ихымԥадатәиу ԥҟароуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә программа ашьақәыргыларазы ухы иаурхәар ҟалоит егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Израиль, рԥышәа бзиа ҳәа иԥхьаӡоит Беслан Кобахьиа. Уи шьаҿа-шьаҿала ахәыҷбаҳча аҟынтәи иалагалатәуп. Аха хәыҷы-хәыҷла, еилфаҷа аус утәуп Прибалтикатәи атәылақәа, ма Украина рҿырԥшы аҩыза уақәымшәарц азы.
Бадра Гәынба ԥхынгәы 10 рзы, адепутатрахь акандидатцәа рзы аҳәынҭқарратә бызшәа адырраз адҵа етап-етапла алагаларазы, Апарламент ахәаԥшырц азакәан апроект алеигалеит. Аԥсуа милаҭ иаҵанакуа атәылауаа рзы ари адҵа аусура иалагоит 2027 шықәса рынахыс, егьырҭ амилаҭқәа рзы — 2035 шықәса рзы.

Аԥсны ахада Бадра Гәынба Апарламент ахь адепутатраз акандидатцәа рзы иназыцҵоу аҭахрақәа ирыдҳәалоу иаԥшьгара — ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахьиа.
Азакәан апроект Жәлар Реизара ахәаԥшразы инашьҭын ԥхынгәы 10 рзы. Апроект ишарбоа ала, ацәгьоура хьанҭақәа рзы зус ӡбоу атәылауаа адепутатрахь кандидатцәас иҟалар рылшоит аӡбамҭа анырхырх ма ианырхырга ашьҭахь 10 шықәса ҵызар, ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәа рзы зус ӡбоу — 15 шықәса рышьҭахь.
Кобахьиа иазгәеиҭеит Апарламент аҳәынҭқарратә ргылара аус аҿы инанагӡо ароль ду атәы.
"Аханатә ас еиԥш аԥҟарақәа аԥҵатәуп, ииашоу алҵшәа аиуразы. Ҳәарада, араӡарақәа аҭахуп, жәаҳәарада, иҟалап даҽа раӡагак ацҵатәызар, избанзар Апарламент – ари ҳазқәылаша амҩахь ҳкылызгаша усуп", — иҳәеит иара арадио Sputnik аефир аҟны.