4-тәи акласс азы аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәы ҿыц ӡырган Аҟәа
17:31 13.07.2026 (ирҿыцуп: 19:51 13.07.2026)

© Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. 4-тәи акласс азы аԥсуа бызшәа арҵага шәҟәы ҿыц ӡырган Аҟәа.
Ацхыраагӡа "Еицаҳҵоит аԥсуа бызшәа" зызку иаԥсыуам ашколқәа роуп ҳәа азгәалҭеит автор, Ауаажәларратә палата алахәыла Ада Кәарҷелиаԥҳа.
"Ари арҵага шәҟәы хықәкыс иамоу — ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа школтә маҭәарк аҳасабала акәымкәа, зыԥсы ҭоу еицәажәаратә маругак аҳасабала адкылараҿ рыцхраара. Ҩ-бызшәак рыла ишьақәгылоу аформат иабзоураны арҵага шәҟәы иаԥсыуам ашколқәа рҵаҩцәа рзы адаптациа азууп, еиуеиԥшым амилаҭқәа ирыҵаркуа ахәыҷқәа абызшәа аҵараҿы ирыцхраауеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Апартиа "Аԥсны акзаара" аофис аҿы аӡыргараан Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит ас еиԥш иҟоу арҵага шәҟәқәа аԥыжәарақәа маҷымкәа ишрымоу.
Арҵага шәҟәы иацуп аметодикатә тетрадқәеи аудио-цҵақәеи.
Апроект нагӡоуп Москватәи аԥсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба ифинанстә цхыраарала, аӡыргара еиҿнакааит —аполитикатә партиа "Аԥсны акзаара".