https://sputnik-abkhazia.info/20260713/1064343641.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладков.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны агәыӷра дуқәа... 13.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-13T18:01+0300
2026-07-13T18:01+0300
2026-07-13T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0d/1064343475_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0c039bcfa75a995718e537c575cd3541.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладков.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны агәыӷра дуқәа шаднаҳәало Гладков ари амаҵура ҿыц аҿы аусура иалагара. Аминистр игәаанагарала аҩ-тәылак русеицура иахьа даара иҳараку аҩаӡараҿы иҟоуп.Ҳара даара аконструктивтә ҟазшьа змоу, иара убри аамҭазы даара алҵшәа змоу аусура хықәкыс иҳамоуп", — иҳәеит аминистр.Аиԥылара ахыркәшамҭаз Барцыц Гладков ҳамҭас ииҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа — Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ишәҟәы "Сара сыԥсҭазаара.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара-ҩ-ҳәынҭқаррак зызцо хықәкуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыци иареи реиԥылараан.Урыстәыла ахада Владимир Путин ари амаҵуразы иажәалагала даара сазгәдуны исыдыскылеит ҳәа азгәеиҭеит Гладков."Жәаҳәарада, шәыцхыраара сақәгәыӷуеит, избанзар адипломатиатә усура снысымҩаҿы иҿыцу акоуп. Агәраганы сыҟоуп хықәкы хадас ишамоу ҳажәларқәа, ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара", — иҳәеит Гладков
Аԥсны ахада Апарламент ахь адепутатраз акандидатцәа рзы иназыцҵоу аҭахрақәа ирыдҳәалоу иаԥшьгара — ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахьиа.Азакәан апроект Жәлар Реизара ахәаԥшразы инашьҭын ԥхынгәы 10 рзы. Апроект ишарбоа ала, ацәгьоура хьанҭақәа рзы зус ӡбоу атәылауаа адепутатрахь кандидатцәас иҟалар рылшоит аӡбамҭа анырхырх ма ианырхырга ашьҭахь 10 шықәса ҵызар, ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәа рзы зус ӡбоу — 15 шықәса рышьҭахь. Ҳәарада, араӡарақәа аҭахуп, жәаҳәарада, иҟалап даҽа раӡагак ацҵатәызар, избанзар Апарламент – ари ҳазқәылаша амҩахь ҳкылызгаша усуп", —иҳәеит Кобахьиа
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аныцә аплантациа рбеит Гал араион аҿы.Сида ақыҭа инхо Георги Лежава ззин ыҟам аҵиаақәа дахьынхоз аҭыԥ аҿы иааӡон. Аныцә адацқәа 12 имырхит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Даҽа шьаҭак имырхит иара убри ақыҭа ауаҩԥсы Бадри Схуланӡе. Иаргьы иҩны аҵиаақәа ааирыхуан. Ашьауӷатә усқәа хацыркуп, атәылауаа аҩыџьагьы ырбаандаҩуп.
Аҟәа ахәҭак уаҵәы ӡыда иаанхоит.Аремонттә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ӡыда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ешба имҩеи Гәымсҭеи, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладков.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны агәыӷра дуқәа шаднаҳәало Гладков ари амаҵура ҿыц аҿы аусура иалагара. Аминистр игәаанагарала аҩ-тәылак русеицура иахьа даара иҳараку аҩаӡараҿы иҟоуп.Ҳара даара аконструктивтә ҟазшьа змоу, иара убри аамҭазы даара алҵшәа змоу аусура хықәкыс иҳамоуп", — иҳәеит аминистр.Аиԥылара ахыркәшамҭаз Барцыц Гладков ҳамҭас ииҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа — Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ишәҟәы "Сара сыԥсҭазаара.Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара-ҩ-ҳәынҭқаррак зызцо хықәкуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Олег Барцыци иареи реиԥылараан.Урыстәыла ахада Владимир Путин ари амаҵуразы иажәалагала даара сазгәдуны исыдыскылеит ҳәа азгәеиҭеит Гладков."Жәаҳәарада, шәыцхыраара сақәгәыӷуеит, избанзар адипломатиатә усура снысымҩаҿы иҿыцу акоуп. Агәраганы сыҟоуп хықәкы хадас ишамоу ҳажәларқәа, ихьыԥшым ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәыргылара", — иҳәеит ГладковАԥсны ахада Апарламент ахь адепутатраз акандидатцәа рзы иназыцҵоу аҭахрақәа ирыдҳәалоу иаԥшьгара — ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоит ауаажәларратә усзуҩ Беслан Кобахьиа.Азакәан апроект Жәлар Реизара ахәаԥшразы инашьҭын ԥхынгәы 10 рзы. Апроект ишарбоа ала, ацәгьоура хьанҭақәа рзы зус ӡбоу атәылауаа адепутатрахь кандидатцәас иҟалар рылшоит аӡбамҭа анырхырх ма ианырхырга ашьҭахь 10 шықәса ҵызар, ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәа рзы зус ӡбоу — 15 шықәса рышьҭахь. Ҳәарада, араӡарақәа аҭахуп, жәаҳәарада, иҟалап даҽа раӡагак ацҵатәызар, избанзар Апарламент – ари ҳазқәылаша амҩахь ҳкылызгаша усуп", —иҳәеит Кобахьиа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа аныцә аплантациа рбеит Гал араион аҿы.Сида ақыҭа инхо Георги Лежава ззин ыҟам аҵиаақәа дахьынхоз аҭыԥ аҿы иааӡон. Аныцә адацқәа 12 имырхит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Даҽа шьаҭак имырхит иара убри ақыҭа ауаҩԥсы Бадри Схуланӡе. Иаргьы иҩны аҵиаақәа ааирыхуан. Ашьауӷатә усқәа хацыркуп, атәылауаа аҩыџьагьы ырбаандаҩуп.Аҟәа ахәҭак уаҵәы ӡыда иаанхоит.Аремонттә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа ӡыда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ешба имҩеи Гәымсҭеи, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0d/1064343475_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ddd5a2072be306d5cc9aa418907ff6cb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио