Асахьаҭыхҩы Дмитри Бутько раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит Гагра
21:46 13.07.2026 (ирҿыцуп: 23:08 13.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 13 — Sputnik. Асахьаҭыхҩы, архитектор Дмитри Бутько раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа аатит Гагратәи акультура аҩнаҿы.
Бутько ицәыригеит аԥштәы змоу, аиқәаҵәа-шкәакәа графика астиль ала иҟаҵоу 70 усумҭа, аколлажқәа, апатреҭқәа, апеизажқәа.
Автор иажәақәа рыла, иара иҽазишәеит еиуеиԥшым ауаҩытәыҩсатә емоциақәа – агәырӷьареи алахьеиқәреи иахьынӡаилшоз раарԥшра.
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп Гагра акультура аҩны апроект "Ҳааигәара инхо абаҩхатәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи мҩаԥыслоит ԥхынгәы 20 рҟынӡа.
Дмитри Бутько 50 шықәса ихыҵуеит. Иара диит Гагра, 1995 шықәсазы дҭалоит Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә университет атехнологиеи адизаини рфакультет.
Уажәы иара аус иуеит архитекторс Гагра араион ахадараҿы. Бутько иажәақәа рыла, аграфика баша иусура акрызҵазкуа хәҭаны акәымкәа — иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо акакәны иҟоуп.