Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Борис Адлеиба диит 95 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 15 1931 шықәсазы.
08:43 15.07.2026 (ирҿыцуп: 08:46 15.07.2026)
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Борис Адлеиба диит 95 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 15 1931 шықәсазы.
Иара асовет аамҭазы аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчаразы зегь реиҳа активла иқәԥоз дреиуан.
Адлеиба автономиа азин арҭбаареи амилаҭтә культура аиқәырхареи аидеиа дадгылон. Иара 1989 шықәсазы Лыхнытәи ааԥхьара инапы аҵеиҩит зегь раҧхьа. Ааҧхьара иаҳәон 1921-1931 Аҧсны иамаз СССР иалаз ареспублика астатус азырхынҳәра. Борис Адлеиба иҿыԥшны ари ааҧхьара рнапы аҵарҩит 30 нызқьҩык инареиҳаны ауаа.
Борис Адлеиба иԥсҭазаара далҵит 1990 шықәса абҵарамзазы, 59 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамадоуп Ҷлоу, ихьӡ ахҵоуп Аҟәа амҩаду.