https://sputnik-abkhazia.info/20260714/1064357125.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ауаажәларратә транспорти автобусқәеи рныҟәцаҩцәа рганахьала аилагарақәа раарԥшразы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит Аекономика аминистрреи Аҳәынҭавтоинспекциеи... 14.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-14T13:01+0300
2026-07-14T13:01+0300
2026-07-14T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0e/1064356959_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f5003ef48599812b7ebfe137c19a9247.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҟәа ауаажәларратә транспорти автобусқәеи рныҟәцаҩцәа рганахьала аилагарақәа раарԥшразы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит Аекономика аминистрреи Аҳәынҭавтоинспекциеи. Амҩақьыра ахәԥса ацҵара, арныҟәцаразы азиншәҟәқәа рыҟамзаара, амашьынарныҟәцаҩцәа ашәҟәы рҭагалара рфактқәа аарԥшуп. Аекономика аминистрра атранспорт аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Бганба иажәақәа рыла, амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа амҩақьыра ахә иацырҵозар, уи аилагара официалла иазгәаҭазар, аҭыԥ аҿы атәылауаа аиԥшымзаара хадырҭәаароуп. Иара убас амашьынарныҟәцаҩ изылырҩаауеит закәаншьаҭада анаплакразы ахараԥса.Аиҳабыраҿы амҩақьыра ахәқәа реиҭахәаԥшразы азакәан апроект иахәаԥшуеит ҳәа иҳәеит иара.
Апрокуратура хада Аминистрцәа реилазаара амшынхықәаҿтәи адгьылқәа рыҭаразы аӡбара анагӡашьа гәанаҭеит. Арҭ адгьылқәа иҷыдоу азинтә статус рымоуп, ҷыдала зыхә ҳараку ркатегориа иаҵанакуеит. Ишьақәыргылоуп аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рзинмчхарақәа шынармыгӡо: апроектқәа реиқәыршәареи аобиектқәа аусура раларгареи рыҿҳәара еиларгоит, ианаамҭоу ақьыратә еиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, Аминистрцәа реилазаара ақәҵарақәа рынагӡара аҿҳәара ахылаԥшра арҭаӡом. Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, Аминистрцәа реилазаара адҵақәа рынагӡара ахылаԥшрагьы иахьынӡахәҭоу инарыгӡаӡом адгьылхархәареи Акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭеи Архитектуреи аргылареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭеи рганахьала.
Аԥсуа театр аҿаԥхьа агрифонқәа зҭоу аӡыршә еиҭашьақәдыргылоит акурорттә сезон анхыркәшахалак ашьҭахь, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. "Аӡыршә аҿы аҿа аӡы кылсуеит, уи еиҭашьақәыргылахоит. Иара убас агрифонқәа рхаҭақәа дрыцқьоит, аҵырлашара ҿыц шьақәыргылахоит", — иҳәеит иара. Уаанӡа аремонт ахь идәықәҵаз аӡыржәтә ӡыршә хара имгакәа иахьгылаз аҭыԥ ахь идырхынҳәуеит, аамҭала иқәгаз арлашагатә шьаҟақәа реиԥш ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
VIII афестиваль "Grand Opera Gala" аатит Пицундатәи ауахәамаҿы. Аконцерт аҿы Иоганесс Брамс иаҧҵамҭа "Анемец реквием" нарыгӡеит Ростовтәи академиатә симфониатә оркестр, ахор, Урыстәылеи Аԥсни рыхкынагӡаҩцәа. Афестиваль еиднакылоит 100-ҩык инареиҳаны амузыкантцәа — аԥсуа артистцәа, Ростовтәи академиатә симфониатә оркестр, амуниципалтә камертә хор "Лик", аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Аҟәа ауаажәларратә транспорти автобусқәеи рныҟәцаҩцәа рганахьала аилагарақәа раарԥшразы агәаҭарақәа еицымҩаԥыргеит Аекономика аминистрреи Аҳәынҭавтоинспекциеи. Амҩақьыра ахәԥса ацҵара, арныҟәцаразы азиншәҟәқәа рыҟамзаара, амашьынарныҟәцаҩцәа ашәҟәы рҭагалара рфактқәа аарԥшуп. Аекономика аминистрра атранспорт аусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Бганба иажәақәа рыла, амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа амҩақьыра ахә иацырҵозар, уи аилагара официалла иазгәаҭазар, аҭыԥ аҿы атәылауаа аиԥшымзаара хадырҭәаароуп. Иара убас амашьынарныҟәцаҩ изылырҩаауеит закәаншьаҭада анаплакразы ахараԥса.Аиҳабыраҿы амҩақьыра ахәқәа реиҭахәаԥшразы азакәан апроект иахәаԥшуеит ҳәа иҳәеит иара. Апрокуратура хада Аминистрцәа реилазаара амшынхықәаҿтәи адгьылқәа рыҭаразы аӡбара анагӡашьа гәанаҭеит. Арҭ адгьылқәа иҷыдоу азинтә статус рымоуп, ҷыдала зыхә ҳараку ркатегориа иаҵанакуеит. Ишьақәыргылоуп аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рзинмчхарақәа шынармыгӡо: апроектқәа реиқәыршәареи аобиектқәа аусура раларгареи рыҿҳәара еиларгоит, ианаамҭоу ақьыратә еиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵоит, Аминистрцәа реилазаара ақәҵарақәа рынагӡара аҿҳәара ахылаԥшра арҭаӡом. Аусбарҭаҟны иазгәарҭеит, Аминистрцәа реилазаара адҵақәа рынагӡара ахылаԥшрагьы иахьынӡахәҭоу инарыгӡаӡом адгьылхархәареи Акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭеи Архитектуреи аргылареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭеи рганахьала. Аԥсуа театр аҿаԥхьа агрифонқәа зҭоу аӡыршә еиҭашьақәдыргылоит акурорттә сезон анхыркәшахалак ашьҭахь, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. "Аӡыршә аҿы аҿа аӡы кылсуеит, уи еиҭашьақәыргылахоит. Иара убас агрифонқәа рхаҭақәа дрыцқьоит, аҵырлашара ҿыц шьақәыргылахоит", — иҳәеит иара. Уаанӡа аремонт ахь идәықәҵаз аӡыржәтә ӡыршә хара имгакәа иахьгылаз аҭыԥ ахь идырхынҳәуеит, аамҭала иқәгаз арлашагатә шьаҟақәа реиԥш ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба. VIII афестиваль "Grand Opera Gala" аатит Пицундатәи ауахәамаҿы. Аконцерт аҿы Иоганесс Брамс иаҧҵамҭа "Анемец реквием" нарыгӡеит Ростовтәи академиатә симфониатә оркестр, ахор, Урыстәылеи Аԥсни рыхкынагӡаҩцәа. Афестиваль еиднакылоит 100-ҩык инареиҳаны амузыкантцәа — аԥсуа артистцәа, Ростовтәи академиатә симфониатә оркестр, амуниципалтә камертә хор "Лик", аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/0e/1064356959_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4a1e21ce320821137c49396a8c259310.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио