Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 381 ҭадырхеит
09:31 20.07.2026 (ирҿыцуп: 11:12 20.07.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа рдронқәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәылара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 381 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Тулатәи, Тамбовтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион,
Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.