Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура атеракт азы ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус хацнаркит
11:03 20.07.2026 (ирҿыцуп: 10:04 21.07.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Аҭынч уааԥсыра ааха ахьроуз Москватәи арегион ажәылара инамаданы, Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура атеракт азы ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус хацнаркит.
Москва ақалақь ахада Сергеи Собианин иажәақәа рыла, иахатәи аҵх иалагӡаны, асааҭ 20:30 инаркны 05:00 рҟынӡа арегион 400 инареиҳаны Украина Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ажәлеит. Ахықәкқәа рӷьырак ахараҭыԥқәа рҟны иҭархан, даҽа 85 дрон аҳҭнықалақь ианазааигәахоз икарыжьит.
Ажәылара ахҟьа-ԥҟьақәа азгәаҭоуп Подольск, Домодедово, Одинцово.
Зынӡа Подмосковие аҵакыраҿы адронқәа ржәылара иахҟьаны ахәыҷы дназлоу жәаҩык ауааԥсыра аахақәа роуит. Ааха зауз фҩык Домодедовтәи ахәшәтәырҭахь инаган, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Китаи атәылауаа хҩык.